Џьансеҭ Казанԥҳа лыԥшәма, Шьамтәылеи Аԥсныи еицырдыруа аинрал Уалид Маршьан, дарӷьажәҩаны дивагылан, лылшара зегьы адылҵон Аԥснытәи Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәара. «Сара ҩ-ԥсадгьылк сымоуп – Аԥсынтәылеи Шьамтәылеи, сылшара зегьы урҭ ирыдысҵоит», – лҳәон Џьансеҭ.
Гәалсра дула ҳрыдышшылоит Џьансеҭ Казанԥҳа лыуацәеи лҭынхацәеи. Наунагӡа лгәалашәара ҳгәаҵаҿ иаанхоит.