Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр Даур Ақаҩба Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аколлектив ирыдиныҳәалеит амузеи 105 шықәса ахыҵра.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«Шәара шәмузеи аҭоурых ду амоуп, изнысыз аҭышәынтәалара амҩа даара ибеиоуп. Амузеи аҭоурых хацыркуижьҭеи иалшеит зеиԥшыҟам аекспонатқәа реизгара. Иахьа амузеи афонд аҟны еизгоуп аԥсуа жәлар рнаҩсгьы, егьырҭ ажәларқәа рҭоурыхи ркультуреи рбаҟақәа ирхыԥхьаӡалоу еиуеиԥшым аекспонатқәа. Урҭ реиҳарак адунеизегьтәи аҵакы рымоуп. Ҳажәлар рҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара, ауаажәлар рызнагара алшара ахьҳамоу зыбзоуроу аколлектив хацәнымырха шәусура ауп.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, шәнапы злаку аус аҟны ақәҿиара дуқәа».
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп.