Нестор Лакоба имузеи аиҭашьақәыргылара хара имгакәа иалагоит

Нестор Лакоба имузеи аиҭашьақәыргылара хара имгакәа иалагоит ҳәа азгәаҭоуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Акультура аминистр Даур Ақаҩба Аиҳабыра реилатәараҿы.

«Апроекттә усурақәа мҩаԥысуеит. Акапиталтә ргылараз аусбарҭеи ҳареи ҳаимадоуп. Аԥарақәа ыҟоуп. Хара имгакәа аусурақәа ирылагахоит», – иҳәеит иара.

Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аԥҵан 1982 шықәсазы. Лакоба 90-шықәса ихыҵра амш аҽны иаартын. Амузеи аус ауит нанҳәа 1992 шықәсанӡа.

Аԥсны Аџьыџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шықәсқәа раан амузеи рыблит, аха Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы архив зегь аиқәырхара алшеит.

Абҵарамзазы Аԥыза-министр Александр Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит Нестор Лакоба имузеи ахыбра аиҭашьақәыргыларазы ахарџьнҵа еиқәдыршәарц.

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.