Даур Ақаҩба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аиубилеи рыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аиубилеи рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет
анапхгара, арҵаҩцәа, астудентцәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥҵара 90 шықәса ахыҵра. 90 шықәса – ари уаҩы наӡа-ааӡак иқәра иаҟароуп. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны алшара дуқәа аашәырԥшит, еиҵашәааӡеит ҳреспубликазы апрофессионалтә, аинтеллектуалтә кадрқәа маҷымкәа. Аҵара анаҩсгьы, ауниверситет астудентцәа ианакәзаалак ҳреспубликаҿы имҩаԥысуаз ауаажәларратә ԥсҭазаара иалахәын. Убас, ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари ашәарҭа бааԥс ианҭагыла, арҵаҩцәеи лакҩакрак ҟамҵакәа абџьар шьҭыхны аӷа иҿагылт.

Иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет еиқәыршәоуп ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыла. Аҿар ирымоуп алшара ргәы иақәшәо азанааҭ алхра, ԥхьаҟагьы аԥеиԥш лашеи алшара дуқәеи рымоуп ҳҳәынҭқарра ҿыц аиҭашьақәыргылара, аҭышәынтәалара аус аҿы.

Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иԥа! Хаҭала Шәареи ауниверситет арҵаҩратә еилазаареи шәџьабаақәа ирыбзоураны иахьа Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет Евразиатәи ауниверситетқәа рхеидкыла иахыԥхьаӡалоуп, рыҽдырҭбаауеит ауниверситет жәларбжьаратәи аимадарақәа.

Лымкаала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ауниверситет арҵаҩцәа. Урҭ рыпрофессионалтә ҩаӡара ҳаракы иабзоураны, астудентцәа ирыларааӡоит иалырхыз рзанааҭ ашҟа абзиабара, ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаараҿы имҩақәырҵоит.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аҭынч ԥсҭазаара, шәгәахәтәқәа зегьы шәрыхьӡааит!».

Last modified on Vrydag, 14 Жьҭаара 2022 11:28

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.