Аҟәа иаатуеит Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 155 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа

Aпсуа сахьаҭыхыҩ, асценограф, аҟазаҭҵааҩы Александр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 155 шықәса аҵра иазкны Аҟәа Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла рцәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатуеит ацәыргақәҵа.

Ацәыргақәҵа аартызаауеит ԥхынҷкәын 15-24 рҟынӡа, уаҟа ицәыргахоит 80 инареиҳаны Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа. Иара убас, ицәыргахоит асахьаҭыхыҩ Александриатәии Мариитәии атеатрқәа рыҟны декораторс даныҟаз иаԥиҵаз адекорациақәеи акостиумқәа рескизқәеи.

Уи адагьы аҭааҩцәа ирбар рылшоит уи аамҭа иаҵанакуаз асахьаҭыхыҩцәа рпотретқәа - арежиссиор, адраматург Николаи Евреинов, актрисацәа Наталиа Бутковскаиа, Клодин Биссон уҳәа аӡәырҩы. Ацәыргақәҵаҿ ихадоу аҭыԥ аанакылоит асахьаҭыхыҩ Франциа амилаҭтә сахьаҭыхыҩцәа реилазаара дызхаларҵаз - автопортрет.
 
Last modified on Dinsdag, 14 Жәабран 2023 11:31

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru