Бадра Гәынба Чечентәыла акультура аминистрра аделегациа идикылеит

Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Чечентәыла акультура аминистрра аделегациа идикылеит.

«Чечентәылатәи Ареспублика акультура амшқәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны рымҩаԥгара ҳара ҳзы акраҵанакуеит Чечентәыла акультуреи аҟазареи рдырразы. Агәра ганы сыҟоуп ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы еиҳау аҿиара шроуа», – иҳәеит Гәынба.

Чечентәылатәи Ареспублика акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Марет Баисарова илҳәеит аделегациа Аԥсны аҟазаара Аԥсни Чечнеи реизыҟазаашьақәа еиҳау аҿиара шырнаҭо.

«Чечентәылатәи Ареспублика акультура аминистр Аишат Кадырова ҳнапы ианылҵеит –аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, ҳкультура, ҳҵасқәа, ҳатрадициақәа шәҳарбарц, ҳԥышәа еимаадарц. Уажәшьҭарнахыс ара иҳамоуп аҩызцәа, ԥхьаҟа аус зцаауша», – лҳәеит лара.

Чечентәыла акультура амшқәа мҩаԥгахоит Аԥсны хәажәкыра 13 инаркны 17 рҟынӡа.

Чечентәыла акультура амшқәа аартхоит РУСДРАМ аҟны, уаҟа Лермонтов ихьӡ зху аҳәынтқарратә драматә театр инанагӡоит «Ҳаамҭазтәи афырхаҵа» («Герой нашего времени») аспектакль.

Хәажәкыра 14 рзы Аҳәынҭфилармониаҟны имҩаԥгахоит Чечентәылатәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟазацәа рконцерт, хәажәкыра 17 рзы афилармониаҟны иқәгылоит Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль «Ваинах».

Last modified on Donderdag, 16 Хәажәкыр 2023 11:52

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.