Аспектакль «Гәымсҭатәи абаллада» ддырбеит Аԥсуа драматә театр аҿы

Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа ашәҟәыҩҩы Анзор Мықәба ипиеса иалхны иқәлыргылаз аспектакль «Гәымсҭатәи абаллада» ддырбеит Аԥсуа драматә театр аҿы Аԥсуа ар Марттәи ажәыларатә операциа иалагеижьҭеи 30 шықәса аҵра иагәаларшәаганы.

Аспектакль иҟалаҵәҟьаз аҭоурых еиҭанаҳәоит. Уи иаанарԥшуа ахҭысқәа ҟалеит 1993 шықәса хәажәкыра 15-16 руха, Аҟәа ахақәиҭтәразы ҳаибашьцәа Гәымсҭатәи афронт ажәылара ианалага.

 

Аԥсуа ар ирылшеит аӷа актәи ихырӷәӷәарҭатә цәаҳәа иахысны Гәымсҭа аӡиас арра.

Аха ақырҭцәа артиллериа рыцырхырааны бааԥсыла ихысуа иалагеит, ҳаибашьцәа рашьҭахь ирыцхраарц иааиуаз аҩбатәи аешалон шьаҿак ԥхьаҟа ирзыҟамҵо аҭагылазаашьа рзаԥырҵеит. Убас, ажәыларатә операциа ԥхьаҟа аҿиара амоуит.

Ақәыргыламҭаҿы еиҭахәоуп «Аҩны иаҵәа» ҳәа изышьҭаз араион аҟынӡа инеиз, ацхыраара иазыԥшыз ажәыларатә гәыԥқәа руак алахьынҵа. Уи иалаз аибашьцәа хаха-хымш хамеигӡарада еибашьуан, аха шьҭахьҟа шәхьаҵроуп ҳәа адҵа роуит.

Аспектакль афырхацәа руаӡәк Манча ихьӡуп, иара ажәылараан дҭахоит - аҳақьымцәа иԥсы рзеиқәмырхеит иоуз ахәрақәа рхәышәтәыртә иаҭахыз ахәшәқәа ахьрымамыз иахҟьаны.

Манча бзиа дибон Мадина захьӡыз аҭыԥҳа, лара аӷа инапаҿы иҟаз Аҟәа ақалақь далаханы дыҟан. Иара дықәхьан Мадина дыԥшааны дшеиқәирхо ҳәа, аха иажәа анагӡара илахьынҵа иаламзаарын. Иԥсы анихыҵуаз, иара амедиаҳәашьа длыҳәеит аԥҳәызба дыԥшааны аҭамзаара шышьҭеиҵо лалҳәарц.

1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Арбџьармчқәа Гәымсҭатәи афронт аҿы Аҟәа ахақәиҭтәразы мҽхакы ҭбаалатәи ажәылара иалагеит. 1993 шықәса хәажәкыра 15-16 руха, Аҟәа ахақәиҭтәразы ҳаибашьцәа ажәылара ианалага. Марттәи ажәыларатә операциа - реиҳа ишьаарҵәырахаз ахҭысқәа иреиуоуп.

Амотохысратә архәҭақәа рыҽшаны Гәымсҭа аӡиас ладеи ҩадеи ирны, убри аан аҳауеи амшын рҟынтәи ацхыраара рыманы аӷа ихырӷәӷәарҭақәа актәи рцәаҳәа ԥжәаны, наҟ-наҟ аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иацырҵар акәын.

Аха ари аоперациа ахықәкы аҵыхәтәанынӡа ирзынамыгӡеит. Аиҿахысра ӷәӷәақәа аныҟала, ацәыӡ ӷәӷәақәа зауз аԥсуа еибашьцәа шьҭахьҟа уаанӡа иахьтәаз апозициақәа рахь ихынҳәыр акәхеит.

 

Last modified on Vrydag, 07 Мшаҧы 2023 11:16

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.