Даур Ақаҩба Баҭал Џьапуа ииубилеи идиныҳәалеит

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Баҭал Рушьни-иԥа!

Акультура Аминистрра ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи – 60 шықәса шәхыҵра.

Еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, адекоратор, шәҟазара Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иззымдыруа уаҩ дыҟам. Шәҟазаратә мҩа иалагӡаны ишәылшаз рацәоуп, шәҟазара амҽхак ҭбаауп, ганрацәала абаҩхатәра злоу ҟазоуп. Шәусумҭақәа зегьы ирныԥшуеит аԥсуа жәлар рҭоурых, ретнографиа, рыбзазашьа.

Шәылшарақәа азгәаҭо, шәара ишәанашьоуп еиуеиԥшым аҳамҭақәеи ахьӡ ҳаракқәеи – «Адыгатәыла зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы», Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, уб. иҵ.

Шәусумҭақәа ыҟоуп Аԥснытәи агалереиақәа рҿы, иара убас Германиатәи, Голландиатәи, Тырқәтәылатәи, Англиатәи, Хорватиатәи аусумтақәа реизгақәа рҿы.

Аҟазара анаҩсгьы, ҳаԥсадгьыли ҳажәлари ашәарҭара ианҭагыла аамҭазы, шәара лакҩакрада шәрылагылеит ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа. Аибашьраан иаашәырԥшыз агәымшәараз ишәанашьоуп Леон иорден.

Баҭал Рушьни-иԥа, шәиубилеи шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, ҩаԥхьагьы шәҟазараҟны аихьӡара ҳаракқәа рыла ҳшәыргәырӷьо Анцәа алшара шәиҭааит. Аԥсуа культура шәагымзааит!».

 

Last modified on Donderdag, 04 Лаҵара 2023 12:02

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.