«Нарҭаа» рыхынҳәра: аԥсуа ԥҳәыс ахацәа рколлектив шаԥылҵаз

Абар уажәшьҭа ҩы-шықәса ҵуеит аҳәынҭфилармониа аҩбатәи аихагыла аҟынтәи аԥсуа жәлар рфырхаҵаратә шәақәа назыгӡо ахацәа рашәаҳәабжь аҩуеижьҭеи.

Араҟа рҽазыҟарҵоит аԥсуа быргцәа злахәу, еиҭеиз ансамбль «Нарҭаа».

1948 шықәсазы Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, акомпозитор Иван Кортуа иаԥшьгарала иаԥҵан аԥсуа быргцәа рыла ишьақәгылаз ашәаҳәареи акәашареи ретнографиатә ансамбль «Нарҭаа». Ансамбль иалахәыз рықәрақәа наӡон 70 инаркны 130 шықәсанӡа.

«Нарҭаа» рҭоурых

1960 шықәсазы Иван Кортуа идунеи аниԥсах ашьҭахь ансамбль дахагылеит акомпозитор Константин Ченгелиа. Шықәсык ааҵуаны абыргцәа рансамбль рнапхгаҩ ҿыц дрыцны агастрольқәа роуеит Москваҟа. Уа ахәыԥшцәа хызхыз абыргцәа рансамбль иреиҳаӡоу анапхгараҭара рызҿлымҳахеит.

Москватәи агострольқәа рышьҭахь «Нарҭаа» ирыдыргалеит Венгриа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афольклортә еицлабра аҽалархәра. Константин Ченгелиа игәаларшәуа иҳәахьан, Брежнев ихаҭа амҩа бзиа шырзеиӷьеишьаз.

Ақәра дуқәа змаз ашәаҳәаҩцәа 12-ҩык, рықәрақәа зегьы аицҵаны 1000 шықәса злыҵуаз Венгриаҟа амҩа иқәлеит. Арҭ абыргцәа аицлабра рҽалархәра акәым, аицлабра ахраҿа хада – «Ахьтәы Таташь» иагьаиааит. Аԥсны ианааи, «Нарҭаа» Жәлар рансамбль ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵан.

«Ахьтәы Таташь» ианаиааи ашьҭахь аетнографиатә ансамбль «Нарҭаа» Асовет Еидгыла аҳәынҭқаррақәа жәпакы ирҭааны аконцертқәа рхы рыладырхәит, иҟан иара убас Ҭырқәтәыла, Иапониа, Германиа уҳәа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟны. Ҳәарада аԥсуа хәаԥшҩцәагьы «Ахьтәы Таташь» мбаӡакәа инымхаӡеит, аԥсуа қалақьқәа зегьы идырбан аҭоурых иазынхаз ахраҿа.

Аиҭеира

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ансамбль еилаҳаит, уи аамҭаз алахәылацәа аӡәырҩы рыдунеи рыԥсахит. 30 шықәса рышьҭахь ҩаԥхьа ансамбль «Нарҭаа» асценахь ицәырҵуеит арепертуар ҿыц, анапхаҩ ҿыц, зегь рыла ирҿыцны.

Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны акультура аминистрра Жәлар ратистка Роза Чамагәуаԥҳа лнапы ианырҵеит, адунеи аҟны зыхьӡ неҩхьаз абыргцәа рансамбль «Нарҭаа» аиҭашьақәыргылара. Лара лажәақәа рыла, азнак азын илыдыргалаз дацәшәеит.

«Ари аҳәара мариоуп, аха аҟаҵара уадаҩуп. Сшәон уажәшьа Аԥсны ас аҟазара злоу абыргцәа ыҟамзар ҳәа. Изызҳауа ахәыҷқәа адуцәа рҟынтәи аԥсуа жәлар рашәақәа рмаҳар, зынӡа иӡоит», - лҳәеит лара.

Роза илдыруаз аҭелқәа дырзасны Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рҟынтәи 23-ҩык артистцәа еидылкылеит. Шықәсык инацны иҵоит Гагра, Тҟәарчал, Ԥақәашь, Жәандәрыԥшь, Хәаԥ, Баслахә, Тамшь рҟынтәи мызкы ахь знык иаауеижьҭеи аҳәынҭфилармониаҟны аҽазыҟаҵарақәа рзы.

Чамагәуаԥҳа илҳәеит раԥхьа дшацәыԥхашьоз аиҳабацәа, ахацәа ԥхьагылара рыҭара. Лара лажәақәа рыла дара даара пату лықәҵаны илзыӡырҩуеит.

«Ҳара ҳаԥсыуаами, бзиа иаабоит ацәажәара, аӡәы ацәажәара даналагалак, егьырҭ ус рҳәоит: «Ашьшьыҳәа лара ара дгылан дҳазԥшуп», - ҳәа еибырҳәоит дара дара», - еиҭалҳәеит Чамагәуаԥҳа.

Иагьшәаҳәоит, иагьыкәашоит

Зегьы иреиҳабу артист 85 шықәса ихыҵуеит, зегьы иреиҵбу- 69 шықәса.

Абыргцәа рыбжьа афилармониа зегьы иныҩуеит аҽазыҟаҵарақәа анрымоу. Ансамбль арепертуар аҟны жәлар рфольклортә ашәақәа «Нарҭаа рашәа», «Озбақь иашәа», «Рафида» уҳәа иааидкыланы жә-номерк ыҟоуп.

Ҿыц иаԥҵоу «Нарҭаа» ашәаҳәара адагьы икәашоит. Ашәа анаацәырыргалак ршьамхқәа рыҵԥраауа асцена иаахықәгьежьаауеит. Дара дара еицхыраауеит, ирыгу еибырҳәоит. Азал аҟны аныҳәатә ҭагылазаашьа аҳра ауеит. Аномерқәа рыбжьара ахацәа еихлафаауеит.

Роза Чамагәуаԥҳа иазгәалҭеит, артисцәа аныҳәахь ицошәа ҽазыҟаҵарақәа рахь ишаауа. Аԥхьаҟа иазгәаҭоуп раԥхьа ақыҭақәа рҭаара, анаҩс асцена ду ашҟа рцәырҵра.

 

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.