Иҟалҵаз ажәахә аҿы Смырԥҳа инаҵшьны илҳәеит Аԥсны еиԥш атәыла маҷқәа рзы акультуратә суверенитет иаанаго уи ажәлар ахаҭа, амилаҭ, аҳәынҭқарра рыҟазаара шакәу.
"Ҳаԥсадгьыл еиҳа арыцҳара ианҭагылоз раԥхьа иргыланы уи акультура аганахьала ақәымчрақәа аназыруаз акәын, ҳаӷацәа ибзианы ирдыруан Аԥсны ҳәынҭқарраны иҟазарц азы хымԥада акультуратә суверенитет амазарц шаҭахыз", - ҳәа инаҵылшьит лара. Аԥсуа ҳәынҭқарра иахьатәи аамҭазы раԥхьаӡа инаргыланы ахатәы информациатәи акультуратәи шәарҭадара еиҿнакаароуп. Динара Смыр инаҵылшьит ари аус аҟны Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраара шыҟанаҵо. "Аԥснытәи астудентцәа аӡәырҩы Урыстәыла иреиӷьӡоу аҵараиурҭақәа ирҭоуп, ҳҟазаратә коллективқәа лассы-лассы гастрольла арахь иаауеит, қәҿиарала имҩаԥысуеит аиҭныԥсахларатә культуратә усмҩаԥгатәқәа. Ҳара ибзианы ҳажәбоит, ҳшәаҳауеит. Еиҳа-еиҳа акультуратә хырхарҭа аҿиара иаҿуп, уаанӡа ирхәаҽырц ирҭахыз", - лҳәеит лара. Смырԥҳа лажәа иацҵо илҳәеит ари апроцесс шьаҭас ишамоу аурыс бызшәеи акультуреи, уи иабзоураноуп Аԥсны адунеи шыҭнаҵаауа, адунеигьы ахы зланарбо.