Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵра рыдылныҳәалеит

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгара, алахәылацәа!

Акультура Аминистрра ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысны-ҳәалоит шәиубилеи – Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥҵоуижьҭеи 90 шықәса аҵра.

Ари акрызҵазкуа хҭысуп ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны, ҳаԥсуа жәлар ркультуратә, иара убас рполитикатә ԥсҭазаараҟны.

Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны шәара еидышәкылеит аҟыбаҩ змаз иреиӷьыз ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, апрозаикцәа. Иара убас ҿыц еиҵагыло аҿар алитература иадшәыԥхьалоит, агьама бзиа рылашәааӡоит.

Шәара есымша шәалагылан аҭоурых аӡыблара, шәрылахәын ҳҳәынҭқарраҟны имҩаԥысуаз акыр зҵазкуаз аҭоурыхтә хҭысқәа. Иахьагьы шәеилазаара активла шәхы алашәырхәуеит ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рыԥсҭазаара, еиҿышәкаауеит еиуеиԥшым агуманитартә проектқәа, изызҳауа ҳҿар адоуҳатә культура рылашәааӡоит.

Алитература ианакәзаалак ажәлар рразҟы, ахатәы бызшәа, амилаҭтә культура иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Ашәҟәыҩҩцәагьы аҭакԥхықәра ду шәымоуп ажәлар рҿаԥхьа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада В. Г. Арӡынба ишазгәеиҭаз еиԥш, аԥсуа бызшәа, аԥсуа литература аԥеиԥш амоур, Аԥсуа ҳҳәынҭқаррагьы аԥеиԥш ҟалаӡом.

Шәиубилеи шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьоит ҩаԥхьагьы ақәҿиара дуқәа, иҿыцу аҟазаратә аартрақәа, шәыгәҭакқәа зегьы аԥсҭазаара аларҵәаразы алшарақәа шәоуааит, шәџьабаа ахәшьара бзиа азҭо аԥхьаҩцәа шәыгымзааит».

Last modified on Donderdag, 18 Мшаҧы 2024 11:00

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.