Александр Чачба иусумҭақәак рбеит иблыз Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра аилыргараан

Александр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәак рбеит иблыз Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра аилыргараан.

Асахьақәа цәыббылны иҟоуп, аха иарбану еилукаартә иҟоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп «Амадемуазель Бессон лпортрет», «Ахылԥа ҟаԥшь зхоу аԥҳәыс», атеатр азы адекорациақәа рескизқәак иҳәеит Сақаниа.

Уи адагьы, абылра ахьыҟалаз ирԥыхьашәеит акрызҵазкуа Валентина Хәырхәмалԥҳа лусумҭа — аскульптура «Аҽыуаа хәыҷқәа».

Аԥхынра Аԥсныҟа иаараны иҟоуп ақьаад аҿы иҭыху асахьақәа аус рыдулашьа иазҟазоу ареставраторцәа ҳәа азгәеиҭеит Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа.

Дара ирылшоит иблыз Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбраҿы иԥшааз Александр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа реиқәырхара.

Last modified on Donderdag, 18 Мшаҧы 2024 11:03

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.