Аамҭала Акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Д. Смыр ансамбль «Риҵа» риубилеи рыдылныҳәалеит

Адныҳәаларҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Гәдоуҭатәи жәлар рвокалтә-инструменттә ансамбль «Риҵа» алахәылацәа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи – ансамбль 50 шықәса ахыҵра.

Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи амилаҭ рдоуҳатә беиара иахәҭакуп, аиҳарак аҭоурых иақәлоу ҳажәлар рзы. Ҳажәлар рҟазара азқьышықәсақәа иргәылганы, аӡыблара иаламырӡкәа иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иаҳзааргеит. Ҳашәақәеи ҳакәашарақәеи ирныԥшуеит ҳҭоурых зегьы. Иахьатәи абиԥара ируалԥшьоуп урҭ зегьы реиқәырхара ҿыц еиҵагыло абиԥарақәа рзы.

Аԥсуа жәлар рашәаҳәаратә ҟазара аихаҳареи аларҵәареи аус аҟны алшара дуқәа аазырԥшхьоу ируакуп ансамбль «Риҵа», уи иабзоураны акыр зҵазкуа ашьаҭа ааннажьит аԥсуа культура аҭоурых аҿы. Иахьагьы ансамбль иаанарԥшуеит аихьӡара дуқәа.

Жәлар рвокалтә-инструменттә ансамбль «Риҵа» ахьӡ-аԥша хара инаҩхьеит. Иҭбаауп агастрольтә географиа – Москва, Нальчик, Черкесск уҳәа егьырҭ Урыстәыла ақалақьқәа рҟны, иара убас атәылақәа – Польша, Венгриа, Германиа, Ҭырқәтәыла, Америка, Куба уҳәа рҟны шәҟазара дшәырбахьеит.

Шәиубилеи шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьоит зегь раԥхьаӡа иргыланы арҿиаратә гәацԥыҳәара, ҩаԥхьагьы аихьӡара дуқәа. Ишәыцзааит аманшәалара, ақәҿиарақәа. Аԥсуа культура шәагымзааит!»

Last modified on Vrydag, 12 Ԥхынгәы 2024 12:13

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.