Даур Ақаҩба Аркади Џьопуа ииубилеи идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа ииубилеи идиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Аркади Иуан-иԥа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи – 70 шықәса шәхыҵра.
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ирацәоуп шәџьабаа аԥсуа ҭоурых ҭҵаараҟны. Шәара шәрылахәуп Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт имҩаԥнаго археологиатә експедициақәа, иара убас Аҧсуаҭҵааратә институти, Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеии, Москватәи Археологиатә институти абар акыр шықәса еицымҩаҧырго археологиатә експедициақәа.

Жәохә шықәса инареиҳаны напхгара азыжәуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра адоцент ҳәа ахьӡ ҳаракы шәыхҵоуп. Аҭоурыхтә факультет астудентцәа шәырзаԥхьоит амузеиҭҵаара иазку алекциақәа. Шәрылахәуп Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла, иара убас Аурыс географиатә еилазаара Шәачатәи аҟәша.

Шәыҭҵаарақәа ирыҵаркуеит Мрагыларатәи Понт абҩакалеии заатәи аихатә шәышықәсеи рҵара апроблемақәа. Шәравторуп 220 инареиҳаны анаукатә усумҭақәеи 130 инареиҳаны астатиақәеи апериодикатә кьыԥхь аҟны. Шәусумҭақәа ҭыҵхьеит аҧсышәала, урысшәала, ҭырқәшәала, англыз бызшәала.

Шәиубилеи шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ашықәснҵыра рацәа, аманшәалареи аихьӡарақәеи шәнапы злаку аус аҟны».

Last modified on Woensdag, 16 Ԥхынгәы 2025 13:02

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Ԥхынгәы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Полезные ссылки

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2025 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.