Диит октиабр 7, 1973 шықәсазы амузикантцәа рҭаацәараҿы. 1990–1996 шықәсқәа рзы аҵара иҵон Комитас ихьӡ зху Еревантәи аҳәынҭқарратә консерваториаҟны (азанааҭ «аскрипка», «аоператә-симфониатә дирижиорра»). 1997 шықәсазы далгоит аоператә-симфониатә дирижиорра афакультет аспирантура еицырдыруа адирижиор Оган Дуриан икласс аҟны.
Аскрипкарҳәаҩ иаҳасабала Давид Терзиан аус иуан 20 шықәса инеиԥынкыланы еиуеиԥшым ахеидкылақәа рҟны: Еревантәи ақәыԥшцәа рсимфониатә оркестр аҟны концертмеистерс, Еревантәи аҳәынҭқарратә консерваториаҟны еиҿкааз афортепианотә квинтет аҟны, Ермантәылатәи арадиои ателехәаԥшреи рсимфониатә оркестр аҟны, ақ. Жилин (Словакиа) аҟны еиҿкааз акамертә оркестр аҟны, ақ. Акапулько (Меқсика) афилармониатә оркестр аҟны. Урҭ ашықәсқәы рзы гастроль ҳасабла еимидеит еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа: Еиду Америкатәи Аштатқәа, Франциа, Словакиа, Австриа, Меқсика, Урыстәыла, убас егьырҭгьы.
18 шықәса шихыҵуаз, Давид Терзиан далагеит адирижиорра. Уи аамҭазы раԥхьаӡакәны еиҿикааит акамертә оркестр «Сагмос» Ермантәылатәи Апостолтә уахәамаҟны, нас акамертә оркестр «Ренессанс» Еревантәи Ахортә еиҿкаараҟны.
1996 шықәсазы Ермантәылатәи арадиои ателехәаԥшреи рсимфониатә оркестр дирижиорс далхын. Алхрақәа мҩаԥган аицлабра шьаҭа рыҭаны.
1999–2010 шықәсқәа рзы аус иуан ақ. Акапулько (Меқсика) афилармониатә оркестр адирижиорс. 2005 шықәсазы аҩбатәи Адирижиорцәа жәларбжьаратәи реиндаҭлара «Едуарда Мата» далауреатхеит.
2010 шықәсазы Аԥсныҟа даауеит, далагоит аусура Аԥснытәи аҳәынҭқарратә камертә оркестр адирижиорс. Ҳаамҭазы Аҳәынҭқарратә камертә оркестр асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор хада ҳәа дыҟоуп, иара убас напхгара аиҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Министрраҟны еиҿкаау арратә оркестр.
2010–2018 шықәса рыҩнуҵҟа Давид Терзиан имҩаԥигеит 200 концерт инареиҳаны, урҭ рхыԥхьаӡаранҟы иҟоп аԥсуа композиторцәа рҩымҭақәа ӡырызго апроектқәа, иара убас арҵаратә концертқәа ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы.
2013 шықәсазы Аԥсны Ахада иусԥҟала ихҵоуп ахьӡ «Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа.