Аԥсны зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль

Аԥсны зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль Аԥсны аколлективқәа ирылукааша ируакуп.

Ансамбль аԥҵан 1931 шықәсазы Н. А. Лакәаба иаԥшьгарала араионқәа иреиӷьу рхортә коллективқәа шьаҭас иҟаҵаны. Раԥхьаӡа напхгаҩыс дыҟан Аԥсны еицырдыруаз ашәаҳәаҩ, жәлар рашәаҳәаратә ҟазара ибзианы иҭызҵааз Платон Панцулаиа. Анаҩс еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аколлектив напхгара арҭон аҟазара аусзуҩцәа – И. Лакрба, А. Чычба, Р. Гәымба, К. Гегечкори, Е. Бебиа уҳәа убас егьырҭгьы.

1970 шықәсазы ансамбль ианаршьеит «Аԥсны зҽаԥсазтәыз» ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Ансамбль арепертуар шьақәгылоуп афольклортә, ақьабзтә ашәақәеи акәашарақәеи рыла, иара убас инанагӡоит аԥсуа композиторцәа рҩымҭақәа.

Аколлектив ианаамҭаз гастроль ҳасабла ирҭааит Асоветтә тәыла аҿацәқәа зегьы, иара убас адунеи аҳәынҭқаррақәа жәпакы – Германиа, Чехословакиа, Польша, Грециа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Франциа, Меқсика, Аргентина, Африкатәи аҳәынҭқаррақәа.

Ансамбль жәларбжьаратәи афестивальқәа ирлауреатуп.

Иахьа ансамбль напхгара азиуеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликеи жәлар рартист Валери Ҭаниа. Абалетмеистер хада – Аԥсны жәлар рартист Леонид Какачиа.

Last modified on Dinsdag, 31 Лаҵара 2022 11:43

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.

ВНИМАНИЕ !

На вашем аккаунте имеется задолженность ! 

Обслуживание и функционирование сайта www.minkult.apsny.land будет приостановлено 31 мая 2024г.

За дополнительной информацией обращайтесь к администратору сайта.