С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынқарратә драматә театр

Аԥсуа милаҭтә театр аира арҵаҩ ду Платон Семион-иԥа Шьаҟрыл ихьӡ иадҳәалоуп. Уи ажьырныҳәамза 1918 шықәсазы Очамчыра ақалақь аҟны иқәиргылеит иара ииҩыз х-актк змаз апиеса «Алашьцараҟнытә алашарахь».

Иаҳхысыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы анаплакҩы беиа Алоизи иеиҿикааит атеатр «Алоизи», 1921 ш. аҳәынҭқарра иаҭан «Актәи аҳәынҭқарратә театр» ҳәа ахьӡҵаны.

Иҿыцу асоциалисттә идеиақәа апропаганда азура хықәкыс иҟаҵаны иеиҿкаан аҵара бзиа змаз аԥсуа интеллигенциа ирхаҭарнакыз Д. И. Гәлиа напхгара ззиуаз иеиҭаҵуа аԥсуа театр. 1928 шықәса ԥхынгәымзазы Аҟәа ақ. аҟны имҩаԥысит аԥсуа театр аартра. Атруппа шьақәгылан 20-ҩык рыла.

Д. И. Гәлиа ихациркыз аус иацырҵеит К. Ӡиӡариеи арежиссиор В. Кривцови. 20-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы апрофессионалтә актиорцәа разыҟаҵаразы иаартын аԥсуа драматә студиа. Уи напхгара аиҭон арежиссиор В. И. Домогаров. В. И. Домогаров дивагыланы дицхрааун аԥсуа сахьаркыратә культура бзиаӡаны издыруаз К. Ӡиӡариа.

Астудиа раԥхьатәи аушьҭымҭацәаны иҟан А. Агрба, М. Зыхәба, М. Ақаҩба, Шә. Ԥачалиа, Р. Агрба, А. Аргәын, Е. Шакирбаи, Л. Касланӡиа.

1926-1927 шш. рзы арежиссиор В. Кривцов атеатр сахьаркыратә напхгаҩыс даиуеит. 1927 ш. атеатр асахьаркыратә напхгара азиуеит В. Гаррик. Уи иқәиргылоит Лопе де Вега ипиеса «Ауаса рӡыхь», Ӡ. Дарсалиа «Ажәытәра иагаз», С. Ҷанба «Амҳаџьырқәа», М. Ақаҩба «Инаԥҳа Кьагәа».

1935 ш. атеатр асахьаркыратә напхгаҩыс дҟалоит И. Жданов, иқәыргылахоит Н. Лернер ипиеса «Адекабристцәа».

Аԥсуа советтә драматургиа ацәырҵра С. Ҷанба ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Уи инапы иҵыҵит апиесақәа «Аԥсны-Ҳаным», «Кьараз», «Амҳаџьырқәа», «Аҩы иашьыз иԥсцәа иҵәыуоит» уҳәа уб. егь.

Абарҭ ашықәсқәа рзы иқәыргылан С. Ҷанба испектакльқәа «Амҳаџьырқәа» (ареж. В. Гаррик), «Кьараз» (ареж. М. Ақаҩба), «Кьахьба Ҳаџьараҭ» (ареж. В. Домогаров).

1938 ш. аԥсуа театр анапхгаҩыс дҟалоит А. Агрба. Убри аамҭазтәи арепертуар: М. Лакрба «Гьечаа рҵыхәтәа», «Сабыда игәаҩара», «Данаҟаи». 1941 ш. – Г. Фигеиредо «Езоп» (ареж. А. Агрба).

1941 шықәсазы имҩаԥысит У. Шекспир «Отелло» аспектакль апремиера (ареж. А. Агрба). Усҟантәи аамҭазтәи атеатр арепертуар – аспектакльқәа: М. Шавлохов «Аԥҳәысҳәаҩ», Г. Гәлиа «Афырхаҵа ицаҟьа», А. Лашәриа «Абзиабара иаша», Ф. Шиллер «Абзиабареи агьангьашреи» (ареж. Шә. Ԥачалиа), Еврипид «Медеиа» (ареж. Г. Суликашвили), Р. Џьонуа «Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа» (ареж. А. Агрба). 1960 шықәсазы аԥсуа театр адраматург С. Ҷанба ихьӡ ахҵахоит.

1963 шықәсазы атеатр арежиссиорс дҟаҵоуп Н. Ешԥҳа. Иқәыргылоуп аспектакльқәа: А. Гәогәуа «Мышкы ауаара», Е. Шварц «Аҳәынҭқар ҟьантаз», Н. Ҭарԥҳа «Ашәа аԥҵара мариам», М. Чамагәуа «Аԥсуа Иуана», Н. Островски «Асҭыԥҳа», Д. Гәлиа «Анаурқәа».

1964 шықәсазы атеатр арежиссиор хадас дыҟоуп Хә. Џьопуа. Имҩаԥгоуп аспектакльқәа Г. Лорка «Ишьаарҵәыроу ачара», Гь. Гәыблиа «Сыбзиабара бара ибыцуп», Д. Добричанин «Амҩа, х-ҟармаҵыск, аҩны № 17», М. Чамагәуа «Ахьтәы мҩахәасҭа», Џь. Аҳәба «Аԥсҿыхра».

1967 ш. – Б. Брехт «Пунтилеи уи имаҵуҩы Маттии», Г. Ибсен «Алаԥшҵашәара», М. Баиџьиев «Аиҿахысра» (ареж. М. Мархолиа).

1968 ш. атеатр арежиссиор хада, аиҳабы Н. Ешба иқәлыргылоит Б. Шьынқәба иаԥҵамҭала «Ахра ашәа», Ф. Шиллер «Дон Карлос», А. Володин «Аиаҳәшьа еиҳабы», Л. Украинка «Абна ашәа», Н. Островски «Асҭыԥҳа», М. Лакрба «Аламыс», «Анацәкьыс», «Асас» (ареж. Шә. Ԥачалиа), Р. Џьопуа «Ашьаҿақәа», Ж. Роббер «Мари Октибр» (ареж. Д. Кәартаа).

1972 шықәсазы Киев Франко ихьӡ зху атеатр ахь агастрольқәа мҩаԥысуеит. СССР ашьақәгылара 50-шықәсахыҵра ахьӡала аспектакль Л. Украинка «Абна ашәа» (ареж. Н. Ешба) иреиҕьу ҳәа иазхаҵан, иагьанашьан актәи аҩаӡара змаз адиплом.

1972 шықәсазы  Москва имҩаԥысит агастрольқәа Маиаковски ихьӡ зху атеатр аҟны. Арепертуар аҟны Ф. Шиллер «Дон Карлос», Л. Украинка «Абна ашәа», И. Папасқьыр «Аԥҳәыс лыпату», Н. Островски «Асҭыԥҳа» (ареж. Н. Ешба). 1973 шықәсазы режиссиор хадас дҟаҵан Д. Кәартаа. Уи иқәыргыламҭақәа Т. Уилиамс «Атрамваи «Агәаҳәара», Шь. Ҷкадуа «Ҳауа идагәада», «Алоу дгәаауеит», Ж. Ануи «Антигона», А. Мықәба «Амра атыҩ иакит», Н. Думбаӡе «Абираҟ шкәакәақәа». И. Буковчан «Арбаҕь иҿнаҭаанӡа» (ареж. М. Мархолиа). 1977 шықәсазтәи ақәыргыламҭақәа – Н. Ҭарԥҳа «Амра аԥҳа» (ареж. Е. Коҕониа), Б. Шьынқәба «Нас ишышәҭаху» (ареж. Д. Кәартаа). 1978 шықәса – Е. Шварц «Агага» (ареж. Н. Чиковани), Софокл «Електра» (ареж. М. Мархолиа).

1980 шықәсазы аԥсуа театр ианашьоуп «Аҳаҭыртә дырга» аорден.

1982 шықәсатәи ақәыргыламҭа – А. Аргәын «Ашьхақәа аӡы иӡааԥшылоит» (ареж. Д. Кәартаа). 1984 шықәса – У. Шекспир «Акрал Лир» (ареж. Д. Кәартаа). Ереван ақ. афестиваль аҟны аспектакль иреиҕьқәоу ирхыԥхьаӡаланы апремиа анашьан, ақәыргылаҩ Д. Кортаа «актәи аҩаӡара змоу арежиссер» ҳәа зегьеидгылоутәи акатегориа ихҵоуп.

Р. Ибрагимбеков «Алым иеиԥшу» (ареж. Н. Мықәба).

1985 шықәса – Ж. Шехаде «Брисбентәи аемигрант», Е. Сымсым «Амра хара ашәахәақәа», А. Грибоедов «Зыхшыҩ зрыцҳароу», И. Бондарев «Аҿықә», А. Агрба «Аҳ Леон», Ф. Диурренматт «Аҳкәажә бырг лааира», П. Кальдерон «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп», К. Гольдони «Кьоџьаа рҕьал-пал». Иазгәаҭоу аспектакльқәа режиссиорс дрымоуп В. Ақаҩба.

А. Вампилов «Ҩажәа минуҭ амаалықь уицны» (ареж. Н. Мықәба). Б. Шьынқәба «Ацынҵәарах» (ареж. В. Терентиев).

1986 шықәса – Б. Брехт «Ан Куражи уи лыхшареи» (ареж. М. Мархолиа).

1986 шықәсазы аиҳабысгьы арежиссиор хадасгьы даҭоуп В. Ақаҩба. Уи иқәыргыламҭа У. Шекспир «Иули Цезар» (ареж. В. Ақаҩба).

1992-2009 шшықәса рзы – Ф. Искандер «Махаз», М. Бҕажәба «Гәуараԥаа рписар», Н. Ердман «Аҽшьра» (ареж. В. Ақаҩба), Миллер «Морган ашьхантә хланҵы». М. Макдонах «Адгьылбжьахала Инешмаан аҟнытә ахымхәа» (ареж. А. Ақаҩба). Ф. Марсо «Акәтаҕь», Ф. Искандер «Ажьақәеи амаҭқәеи», Хигген «Гардии Моди» (ареж. М. Аргәын). И. Шмидт «Оскари агәил ԥҳәыси», Ф. Сологуб «Ҩынҩажәа миллион» (ареж. А. Шамба). Д. Чачхалиа «Али-Беи» (реж. Н. Ешба).

Атеатр агастролтә географиа: Монтре (Швеицариа), Пловдив (Болгариа), Сибиу (Румыниа), Москва, Санкт-Петербург (УА), Киев (Украина).

 

Last modified on Dinsdag, 12 Ажьырныҳәа 2021 12:39

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

РУСДРАМ на Facebook

Абх.Драмтеатр на Facebook

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.