1963 ш. Аҟәа ақалақь аҟны иаҧҵан Асахьаҭыхымҭақәа ргалереиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи афилиал аҳасабала. Официаллла агалереиа аартра мҩаҧысит 1964 шықәсазы.

Агалериа афонди аекспозициеи рфонд шьаҭас иаиуит аҳақьым Фишков И. Л. 20-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны иеизигоз иколлекциа аиҳараӡак. Уи ақалақь ҳамҭас иаиҭеит раҧхьа асахьаркыратә аҧҵамҭақәа ахьыҟаз аҩны ахәҭак. Раҧхьатәи аекспозициа агалереиа иалан аҿыханҵа, аграфика, уи аамҭазтәи аиҳабыратәии абжьаратәии абиҧарақәа ирыҵаркуа асоветтә аҧсуа, аурыс, ақырҭуа сахьаҭыхҩцәа иеиҭаҵуа рыскульптурақәа.

Анаҩстәи ашықәсқәа рзы агалереиа хаҭәаауан аусумҭа ҿыцқәа рыла. Урҭ Аҧсны асахьаҭыхҩцәа есышықәсатәи ҭагалантәии ааҧынратәии рцәыргақәҵақәа рыҟнытә иалалон. Раҧхьатәи 50 усумҭа агалереиа ҳамҭас иаиҭеит И. Л. Фишков ихатәы коллекциаҟнытә. Уи иҧҳа Фишкова Ф. И. агалереиа 30 аҧҵамҭа алҭеит. Аҧсны жәлар рпоет Д. И. Гәлиа иҭаацәа ҳамҭас иарҭеит апоет иҧа ашәҟәыҩҩы Гь. Гәлиа – СССР аҳәынҭқарратә премиа алауреат иусумҭақәа хҧа – «Шьаҿакгьы шьҭахьҟа имцаз», «Аб ипортрет» , «Акәашара».

Асахьаҭыхҩцәа аӡәырҩы иара убас агалереиа иаларҵон иреиҕьыз раҧҵамҭақәа: М. Ешба – апоет Ф. Искандер ипортрет, Ч. Кукулаӡе – Е. Ешба ипортрет, А. Краиниуков – И. Ақырҭаа ипортрет, О. Брендель – «Аҧсыӡкыҩцәа» уҳәа уб.егь. 50-тәи ашықәсқәа рзы иеицырдыруа аҧсуа сахьаҭыхҩы А. К. Чачба-Шервашиӡе Европа дахьыҟазынтәи иҧсадгьыл ахь иааиҭиуеит 500 усумҭа. Асахьаҭыхҩы иааиҭиз аусумҭақәа реиҳарак Қарҭ икыдхалоит, урҭ иахьагьы уа инханы иҟоуп. Иреиҵоу ахәҭа (200 усумҭа раҟара) Аҧсныҟа иаашьҭын 60 –тәи ашықәсқәа рзы, дара иахьа агалереиа афонд аҟны иҟоуп.

Агалереиа афондқәа рыҟны иҟоуп азеижәтәи аҩажәатәи ашәышықәсқәа рынҵәамҭа иаҵанакуа асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа. 1994 шықәсазы асахьаҭыхратә галереиа АА Амилаҭтә (АСГ)ҳәа астатус аиуит.

 Иахьа афондқәа рыҟны иҵәахуп ҧшьнызқь инареиҳаны аҿыханҵа, аграфика, иеиҭаҵуа аскульптура, анышәаҧшьлых сахьаркыратә аҧҵамҭақәа. Ара иҟоуп асахьаҭыхҩцәа: Чачба-Шервашиӡе А. К., Петров Б. Л., Контарев В. С, Бубнова В. Д., Гәлиа Г. Д., Ешба М. Е., Брендель О. В., Аҩыӡба Xә. Т., Амҧар Т. А., Џьынџьал 3. К., Иванба В. Е., Хәырхәмал В. И., Гамгиа В. В., Ҷкадуа Иу. В., Ҵәыџьба В. А. уҳәа уб.егь. асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа. А. И. Писарчук иуасиаҭ ала иҧшәмаҧҳәыс агалереиа иалалҵеит асахьаҭыхҩы 312 иҿыханҵатәи играфикатәи усумҭа.

Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа еиҳабыс дамоуп Сурам Сақаниа. 

 

 

Last modified on Maandag, 06 Рашәара 2022 11:49

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.