И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә бибилиотека

И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә бибилиотека аҧҵан 1921 шықәса хәажәкыра 29 рзы  Аҟәа ақ. аҟны. Уи ашәҟәқәа рфонд еиҳарак шьаҭас иаиуит ахатәы бибилиотекақәа рыҟнытә алитература.   Ашьҭахь ашәҟәкәа рфонд есышықәса ихаҭәаауан ақалақьтә биуџьет ахарџьқәа рыла.  1922 ш. абиблиотека еиҭашьақәыргылан  ацентртә-шәҟәыҵәахырҭаны, анаҩс 1926 ш. Ацентртә ақалақьтә библиотека астатус аҭан. Уи иадҵан Аҳәынҭқарраҟны иҟаз абиблиотекақәа зегьы напхгара рыҭара. 1938 ш. Ацентртә ақалақьтә библиотека Аҧснытәи АССР Ареспубликатә библиотека  астатус аҭан. 1980 ш. абиблиотека атиптә хыбра ҿыц ахь ииасуеит . 1981 ш. абиблиотека раҧхьатәи Аҧсны жәлар  рышәҟәыҩҩы, Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа  алауреат   И. Гь. Папапасқьыр ихьӡ ахҵан.  1983 ш. абиблиотека Аҳәынҭқарратәны, ауниверсалтәны, ҭҵаарадырратәны иҟалоит.

  И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху АЦҬБ  хыҧхьаӡарала 402 зҵазкуаз ацентртәқәа,  ақалақьтәқәа, араионтәқәа, ақыҭатәқәа  рыла иеиҿкаау системаны   ишьақәгылоуп, убрахь иалоуп ақыҭатә библиотекақәа 298, зфондаҟны   7480,8 шәҟәы ыҟаз, 309,7 ҩык аҧхьаҩцәа еидызкыло. 1992-93 шш. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра акультура ахәышҭаарақәа аҧхасҭа ҕәҕәа рнаҭеит.  Аибашьра агәаны иҟаз абиблиотекақәа реиҳараӡак блын. Библиотекақәак рыҟны ашәҟәтәы фондқәак ахьеиқәхаз ыҟоуп.   Иахьа Аҳәынҭқарраҟны аус руеит  696,0 нызқь цыра ашәҟәы еидызкыло ашәҟәтәы фондқәа змоу 33 библиотекатә усбарҭа.   1998 ш. АЦҬБ  ахьӡ ҧсахын  И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ҳәа. Абри инаркны иалагоит уи аамҭа-аамҭацыҧхьаӡа аиҭашьақәыргылара. Аиҭарҿыцратә усурақәа хацыркхоит, ашәҟәтәы фонд хаҭәаахоит, иеиҿкаахоит. Хшыҩзышьҭра ду аҭахоит абиблиотекатә усура асистема аиҭеиҿкаара, атехнологиа ҿықәа рхархәареи ралагалареи рызҵаарақәа. Иаҧҵахоит аелектронтә информациатә цхыраагӡа, убрахь иналаҵаны аинтернет маҵзура азал. 

Иахьа аус ауеит абиблиотекатә ус аилазаара ҿыц, аус руеит зфондқәа рыҟны 307 734 цыра еидызкыло аҟәшақәа 9:  1. Аидкылареи аус адулареи рыҟәша; 2. Ихадоу ашәҟәыҵәахырҭа аҟәша; 3. Амаҵзуратә ҟәша; 4.   Абонемент иҟәша; 5. Аҳәаанырцәтәи алитература аҟәша; 6. Ашәҟәтәы палата аҟәша; 7. Амилаҭтә литература аҟәша; 8. Аҭҵаарадырратә- методикатә ҟәша; 9. Атехнологиа ҿыцқәа рыҟәша.

Аиҳабы – Ҷолариа Борис Шьаликәа-иҧа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра , Лакоба имҩа, 111-тәи аҩны. Аҭел./факс (+7-840)226-64-15. Аҭел.(+7-840)226-24-41.

Last modified on Woensdag, 03 Мшаҧы 2019 10:25

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.