Афестиваль мҩаԥысуан Кәыдымкар (Пермтәи атәылаҿацә) ақалақь аҿы жьҭаарамза 17-24 рзы.
Аҿар ртеатр аӡбаҩцәеи ахәаԥшцәеи ирыдыргалеит Жан Ануи ипиеса шьаҭас измоу аспектакль «Антигона». Аспектакль мҩаԥысит октиабр мза 18 рзы.
Афестиваль аихшьаалақәа рыла Есма Шугенԥҳа Антигона лроль азы иреиӷьу актриса ҳәа далкаан. Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Аслан Анқәаб Креон ироль азы налукааша актиортә хәмарразы адиплом ианашьан.
Сынтәа аабатәи афестиваль «Сообщение» аконкурстә программа иалахәын Аԥсны, Ермантәыла, Ҭаҭарсҭан, Башкортостан, Ханты-Манситәи автономтә округ, Пермтәи атәылаҿацә рҟынтәи атеатртә коллективқәа.