Алиса Гыцԥҳа V жәларбжьаратәи леицлабра-лабораториа агала-концерт мҩаԥысит Аԥсуа театр аҟны.
Уи рхы аладырхәит Аԥсны, Урыстәыла, Латвиа рҟынтәи аицлабра алауреатцәеи агран-при занашьоуи 11-ҩык, иара убас Аҳәынҭқарратә камертә оркестр.
Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа дықәгылеит Алиса Гыцԥҳа лхаҭагьы.
Аусмҩаԥгатә иаҭааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳа, аԥыза-министр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.