Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Абаза»

1993 шықәсатәи ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан зынхарҭа ҭыҧқәа ааныжьны ицаз ахҵәацәа Пицунда апансионат аҟны инхон. Адуцәа рлахьынҵа рыцеиҩыршон аамҭала зхәыҷра гәырҕьахә зцәыӡны иҟаз, аибашьра ашәаӡыӡара иҭанаргылаз ахәыҷқәагьы. Ахәыҷқәа ашәареи рыкәша-мыкәша иҟаз аҭагылазаашьа хьанҭеи иацәызыхьчоз, ирхазыршҭуаз акәны иҟалеит убасҟан иаҧҵаз акәашаразы агәыҧ хәыҷы. Абас аибашьра ашықәсқәа раан иит ансамбль «Абаза». 

1996 шықәсазы «Абаза» раҧхьаӡакәны Аҧсны анҭыҵ гастроль ҳасабла ицоит Москватәи аобласт Раменское ақалақь, афестиваль «Акан – 96» аҽалархәразы. Ара аконкурс иалауреатхоит, Гран-пригьы аиуеит. 



Абри инаркны ансамбль агастроль ҧсҭазаара хацыркхоит. «Абаза» ааҧхьарақәа рацәаны иаиууа иалагоит атәыла анҭыҵ – ақалақьқәа Шәача, Нальчик, Санкт-Петербург, Москва. 

«Абаза» акыр шықәсқәа инеиҧынкыланы иалахәын Твер ақалақь Амш азгәаҭара аныҳәа.
2002 ш. ансамбль алахәын ақалақь Санкт- Петербург Амш азгәаҭара аныҳәа. Иалкааны иазгәаҭан Москва ақалақь аҟны Аконцерн «Бабаевски» аиубилеи иазкыз аконцерт аҟны. Иара убас иқәгылеит актәи аканал адырраҭара «Шьыжьыбзиа» аҟны.

2003 шықәсазы «Абаза» «аҳәынҭқарратә ансамбль» астатус аиууеит. 

Ансамбль «Абаза» изныкымыкәа Аҧсны афольклортә конкурс «Аӡыхь» иалауреатуп, Гран-при агахьеит аконкурс «Ахьтәы ҽацә» аҟны, Шәача ақалақь аҟны арегионалтә фестиваль «Қьырсазтәи аиаҵәақәа» ҧшьынтә иалауреатхахьеит, акырынтә Шәача ақ. Гран-при агахьеит, Франциа (2004) жәларбжьаратәи аконкурс «Village» иалауреатхахьеит, IV Жәларбжьаратәи афестиваль «Болгариа аҩызцәа» (2004) I аҩаӡара змоу илауреатуп, Прага ақ. (2006) Жәларбжьаратәи афестиваль «Амузыка аныҳәа» иалауреатуп, Стокгольм ақ. (2007) афестиваль «Ашықәсҿыцазтәи аҧсаӡ» I аҩаӡара змоу Адиплом иалауреатуп, афестиваль «Финлиандиа ахәыҷқәа рҧылара» (2007) иалауреатуп, Париж Диснеиленд (2007 г., Франциа) афестиваль «Амузыкеи акәашарақәеи Рымч нашана» иадипломантуп, атәыланҭыҵтәи Кавказ жәлар рфестиваль (2007 ш. Ҭырқәтәыла) иалахәуп, (2006 ш., 2007 ш., Шәача) Жәларбжьаратәи афестиваль «Ҧсҭазаарак иаҟароу акәашара» иадипломантуп. 

Иахьа ансамбль арепертуар аҟны иҟоуп: аҧсуа кәашарақәа, адунеи жәлар рыкәашарақәа, иара убас аклассикатәи аестрадатәи кәыргыламҭақәа. 

Ансамбль напхгаҩыс дамоуп Аҧсны зҽаҧсатәыз артист Циала Ҷкадуа, абалетмеистер хадас дыҟоуп – Аҧсны зҽаҧсатәыз артист Алеқсеи Аршба. 

Last modified on Dinsdag, 31 Лаҵара 2022 11:44

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.

ВНИМАНИЕ !

На вашем аккаунте имеется задолженность ! 

Обслуживание и функционирование сайта www.minkult.apsny.land будет приостановлено 31 мая 2024г.

За дополнительной информацией обращайтесь к администратору сайта.