Маи 20 рзы Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Абаза араион ақыҭа Ԥсыж имҩаԥысит еицырдыруа аԥсуа, аурыс ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩы Тарас Шамба игәалашәара иазку ахәылԥаз.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп.