Даур Ақаҩба Тҟәарчалтәи акомедиатә театр риубилеи рыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр ҳәынҭқарратәны иҟалеижьҭеи 30 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит:

«Тҟәарчалтәи атеатр, егьырҭ атеатрқәа реиҧш, аихьӡара бзиақәа аман еснагь. Атеатр рааҧсара ду адуп еиуеиҧшым аамҭақәа рзы уаҟа аус зуаз Асҭамыр Цыба, Шәарах Ҧачалиа, Нурбеи Камкиа, Нури Кәарҷиа, Нури Қьышьмариа, Шьалуа Гыцба, Шьалуа Ҵәыџьба, Заур Қьышьмариа, Сырбеи Сангәлиа, Роман Сабуа уҳәа аӡәырҩы. Иахьа иуадаҩу аҭагылазаашьа шыҟоугьы, атеатр иалахәу актиорцәа гәацҧыҳәарала рҟазара ахәаҧшҩы изнаргоит.

Аҧсны жәлар р-Џьынџьтәылатә еибашьра амца иалҵыз ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал иқәынхо ауааҧсыра рзы шәтеатр культуратә хәышҭаараны иҟалеит. Иахьагьы уи ахәышҭаара аҧсы ҭоуп, агәра згоит, ҩаҧхьагьы атеатр абзиабаҩцәа ақәыргыламҭа ҿыцқәа рыла ишәыргәырӷьап ҳәа.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәахьыҟазаалак ишәыцзааит аманшәалара, арҿиаратә гәаҳәара».

Last modified on Vrydag, 22 Мшаҧы 2022 11:32

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.

ВНИМАНИЕ !

На вашем аккаунте имеется задолженность ! 

Обслуживание и функционирование сайта www.minkult.apsny.land будет приостановлено 31 мая 2024г.

За дополнительной информацией обращайтесь к администратору сайта.