Аиҧылараҟны ирылацәажәон Б. Шьынқәба ихьӡ зху I Жәларбжьаратәи аҧхьарақәа. Аконференциа азкуп Аҧсны жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи Жәлар рпоет, Аҧснытәи Аҭҵаарадырратә академиа ракадемик, аҵарауаҩ-абызшәаҭҵааҩы, афольклорист, аиҭагаҩ, Асоциалисттә џьа Афырхаҵа, еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩы, СССР, Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалисттә Республика, Аҧсны Аҳәынҭқарра рҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара занашьоу Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса аҵра.