Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр Даур Ақаҩба Алик Габелиа ииубилеи идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр Даур Ақаҩба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет адекан, адоцент, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Алик Николаи-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи – 70 шықәса шәхыҵра. Ари ақәра иагьырацәам, иагьмаҷым, ауаҩ дыр, аԥышәа ду змоу ауаҩ иқәроуп. Шәара шәыԥсҭазаара зегьы бзиа ижәбо аус – археологиа иазышәкит. Адгьыл иаҵаҵәахыу ҳҭоурых беиа ҳажәлар ирызшәырхынҳәуеит, уи даара иус дууп, избанзар зҭоурых ззымдыруа амилаҭ ԥеиԥш рымам. Уи инаҷыданы шәара шәԥышәеи шәдырреи еиҵагылоу аҿар ирымажәдоит, археологиахь агәыбылра дшәыркуеит, аартра ҿыцқәа ҟазҵараны иҟоу аҵараауа ҿарацәа ҳзышәааӡоит.

Шәыԥсҭазаара иалагӡаны ишәылшаз рацәоуп, макьана шәаԥхьаҟа иҟашәҵараны иҟоу маҷӡам. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, адунеитә ҵакы змоу археологиатә аартра ҿыцқәа».

Last modified on Vrydag, 27 Лаҵара 2022 15:55

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.

ВНИМАНИЕ !

На вашем аккаунте имеется задолженность ! 

Обслуживание и функционирование сайта www.minkult.apsny.land будет приостановлено 31 мая 2024г.

За дополнительной информацией обращайтесь к администратору сайта.