РУСДРАМ ииун мзазы агастрольқәа хацнаркуеит

Ииун 10 инаркны 20-нӡа Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр ихацнаркуеит агастроль дуқәа Урыстәылатәи Афедерациа ақалақьқәа рышҟа.

Ииун 11 рзы Керч ақалақь аҟны XXIV Антикатә ҟазара Жәларбжьаратә афестиваль «Боспорские агоны» аҳәаақәа ирҭагӡаны ихәаԥшцәа идырбахоит аспектакль «Електра» (ақәыргылаҩ Артиом Устинов). Аспектакль мҩаԥысуеит антикатә амфитеатр аҟны ажәҩан аҵаҟа. Иалагоит асааҭ 21:00 рзы.

Ииун 16 асааҭ 19:00 рзы аҳәаанырцәтәи аурыс театрқәа жәларбжьаратәи рфестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны идырбахоит аспектакль «Кьоџьаа рҭыӡшәа» (К. Гольдони иҩымҭала иқәиргылеит Алеқсандр Коручеков).

Ииун 18, 19 асааҭ 18.30 рзы Тула ақалақь Тулатәи академиатә драматә театр асценаҟны апрограмма «Агастрольқәа дуқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны идырбахоит «Кьоџьаа рҭыӡшәа», иара убас Ф. Г. Лорка иҩымҭала Мариа Романова иқәлыргылаз аспектакль «Ишьаарҵәыроу ачара» 

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.

ВНИМАНИЕ !

На вашем аккаунте имеется задолженность ! 

Обслуживание и функционирование сайта www.minkult.apsny.land будет приостановлено 31 мая 2024г.

За дополнительной информацией обращайтесь к администратору сайта.