«Аконцерт ахәаԥшцәа рыла ибеиан, амузыкантцәа гәахәарыла ирыдыркылон, агәалаҟазаара бзиа рыман. Аԥсшьаҩцәа рацәан. Иахьа иқәгылон Аԥсны акамертә оркестр, аурӷан аирҳәон Лука Гаделиа, ашәақәа нарыгӡон Аҳәынҭқарратә филармониа ахкы нагӡаҩцәа», – лҳәеит Агрба.
Аԥсны акультура аминистрра еиҿнакааз II Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль «Opera Viva» мҩаԥысуан ԥхынгәы 5-7 рзы.