Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс рылаҳәоуп

Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит.

Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа.

Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит ифундаменталтәу  аҭҵаарадырратә усумҭақәа реиԥш, иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иаԥҵоу аоригиналтә рҵага шәҟәқәагьы, амала урҭ арҵага шәҟәқәа дара аԥызҵаз авторцәа ртеориатә ҭҵаарақәа шьаҭас ирымазар.

Аҳәынҭқарратә премиазы иқәыргылазар ҟалоит аҵыхәтәантәи хышықәса рыла (2020–2022) акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа.

Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҭҵаарадырратә усбарҭақәеи аиҳабыратә ҵараиурҭақәеи рколлективқәа.

Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аусумҭақәа аднакылоит жәабранмза 1 инаркны лаҵарамза 1-нӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақ., акад. Н.И. Марр имҩа, 9, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа.

 

Аконкурс алахәхаразы иаҭаху адокументқәа:

аҳәынҭқарратә премиа ашьҭазааҩ инысымҩа; аусурҭа аҟнытә иҟазшьарба; акьыԥхь збахьоу иусумҭақәа рсиа; атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьлаа; дықәзыргыло аусбарҭа ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз аԥкаанҵа агәылҩаа; иқәыргылахо аусумҭа (хә-екземплиарк); иқәыргылахо аусумҭа арецензиа ацзар бзиоуп; аусумҭа ықәзыргыло аусбарҭа аҟынтә амҩақәҵаратә шәҟәы.

 

Ицәырҵуа азҵаарақәа реилкаара шәылшоит абарҭ аҭелқәа рыла:

+7(940)728-03-44; +7(840)226-77-13.

Last modified on Maandag, 30 Ажьырныҳәа 2023 15:44

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.