Уасил Царгәыш дравторуп ахортә, акамертә-вокалтә ԥҵамҭақәа, акинофильмқәеи атеатртә қәгыларақәеи рзы амузыка. Акомпозитор иаԥҵамҭақәа ирныԥшуеит ҳажәлар рҭоурых, урҭ рхьаа, ридеиақәа, рхәыцрақәа.
2001 шықәсазы акантатақәа «Хҩык афырхацәа рзы», «Иҭахаз ргәалашәараз», «Ҳан Аԥсны» рзы Уасил Царгәыш Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ианашьан.
Уасил Царгәыш 50 шықәса инареиҳаны Аԥсны зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль напхгара азиуан. Урҭ ашықәсқәа рзы ансамбль жәларбжьара еицырдыруа иҟалеит, гастроль ҳасабла ирҭааит еиуеиԥшым Европа, Африка, Ладатәи Америка рҳәынҭқаррақәа, акырыyтә ҳдиаспора ахьынхо Ҭырқәтәыла иаҭаахьан.
Уасил Царгәыш аҟыбаҩ ҷыда илан, дыпрофессионалын, имаҷым иџьабаа аԥсуа жәлар рмузыкеи иреиӷьу рыкәашаратә традициақәа рыларҵәара аус аҟны. Иара еиҵаиааӡеит ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи рабиԥарақәа маҷымкәа.