«Агәхыхҩы»: Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит аспектакль аԥхьарбара

Аԥсуа драматә театр аҿы Достоевски ироман «Бедные люди» ала Владимир Симановски ипиеса иалху аспектакль ҿыц «Агәхыхҩы» («Ловелас») аԥхьарбара мҩаԥысит.

Аспектакль аҿы еиҭаҳәоуп Макар Девушкини Варенька Добросоловеи рыбзиабара аҭоурых. Ахархәара аҭоуп арежиссиортә маана. Уи ахәаԥшцәа аспектакль азал аҟынтәи акәымкәа асценаҿ иҟоушәа агәаанагара рнаҭоит.

Аспектакль афырхаҵа хада ироль наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭемраз Чамагәуа, афырԥҳәыс хада – актриса Амра Начҟьебиаԥҳа. Аспектакль иара убасгьы иалахәуп Розита Ҭаниаԥҳа, Алиас Колбаиа, Леон Кур-оӷлы.

Арежиссиор-ақәыргылаҩ – Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Адгәыр Ақаҩба. Иара убасгьы иара ари аспектакль асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩс дыҟоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩбеи аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳаи С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аԥхьарбара «Агәхыхҩы» иаҭааит.

Last modified on Donderdag, 16 Жәабран 2023 11:56

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.