«Ҳаҭыр зқәу Заур Дмитри-иԥа!
Гәык гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи – 85 шықәса шәхыҵра!
Зыԥсҭазаара зегьы аԥсуа сцена иазызкыз, шәара алагала ду ҟашәҵеит аԥсуа театртә ҟазараҟны. С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор иаҳасаб ала шәара иаԥышәҵеит ахаҿсахьақәа рацәаны еиуеиԥшым ақәыргыламҭақәа рҟны – ачныр (Дырмит Гәлиа ипиеса «Анаурқәа» аҟны), ахәыҟаҵаҩи адирижиори ррольқәа («Аҳәынҭқар ҟьантаз», Е. Шварц), Сартаков («Аламыс», П. Павловски), Зафас («Ахра ашәа», Б. Шьынқәба), аҭырқәа ироль («Ацынҵәарах», Б. Шьынқәба), Бганба («Март 4», Шь. Аџьыньџьал) уб. иҵ.
Шбаҩхатәра ду, шәзанааҭ ахь ишәымоу абзиабара, уи хацәнымырха амаҵ ахьыжәуо ирыбзоураны, шәара ишәырҳаит ахәаԥшҩы ибзиабара. Шәџьабаа ахә шьо, шәара ишәыхҵоуп «Аԥсны жәлар рартист» ҳәа ахьӡ ҳаракы.
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аманшәалара, ақәҿиара дуқәа ҩаԥхьагьы! Шәҭаҳцәеи шәареи шәеигымхааит! Шьардаамҭа шәҳагымзааит».