Пицундатәи ауахәама ауарӷантә зал аҟны аконцерттә сезон аадыртит

Пицундатәи ауахәама ауарӷантә зал аҟны есышықәсатәи аконцерттә сезон аатит.

Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист, аорӷанарҳәаҩы Лука Гаделиа.

Сынтәа аконцерттә сезон аатит изааны. Уи зыхҟьаз хыԥхьаӡара рацәала ахәаԥшцәа ахьадҵаалоз ауп.

«Пицундатәи ауахәама ауарӷантә зал аҟны аконцерттә сезон аатит мшаԥы 30 рзы. Уаанӡа аасҭа акыр иԥасаны иааҭит. Ахәаԥшцәа рганахь ала иадҵаалоз рацәаҩын аконцерттә сезон анбаатуеи ҳәа. Убри аҟнытә заа аартра ҳаӡбеит», – иҳәеит Гаделиа.

Раԥхьатәи аконцерт аҟны иқәгылеит Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа ахкынагӡаҩцәа Лука Гаделиеи Кристина Ешбеи. Дара лаҵарамза зегьы ес-мҽыша ауахәамаҟны иқәгылалоит.

Анаҩс, рашәарамза инаркны Пицундатәи ауахәама ауарӷантә зал аҟны иқәгылалоит Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа егьырҭ ахкынагӡаҩцәагьы, иара убас Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥснытәи ахортә капелла.

«Ҳара иҳазԥшуп асезон беиа, ҳапрограмма еиуеиԥшымкәан ишьақәгылоит», - иҳәеит Гаделиа.

Аконцертқәа алагоит асааҭ 17:00 рзы. Есышықәса Пицундатәи ауахәама ауарӷантә зал аҟны аконцерттә сезон мҩаԥысуеит жьҭаарамзанӡа.

 

 

Last modified on Dinsdag, 16 Лаҵара 2023 12:38

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.