Лаҵара 18 рзы Аҟәа имҩаԥысуеит «Аҵх амузеи аҟны»

Ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи алшара роуеит аҳҭнықалақь амузеиқәа рыхԥагьы рҭаара. Акциа еиҿнакаауеит Акультура аминистрра.

Асааҭ 16:00 рзы Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны имҩаԥгахоит акәашаратәи амузыкатәи аколлективқәа «Ритмы Кавказа», «Аԥсны», «Диоскуриа», «Иаирума» злахәу аконцерт. Анаҩс имҩаԥгахоит авикторина.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи аҟны асааҭ 18:00 рзы иаадыртуеит Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа. Аԥсны аҭоурыхи аҭыԥ ԥшьақәеи ирызкны алекциақәа ирыԥхьоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Мзиа Кәыҵниаԥҳаи аетнолог Марина Барцыцԥҳаи. Ахәылԥаз хыркәшахоит «Апоезиа асааҭ» ала.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны асааҭ 19:00 - 24:00 рзы иаартхоит ҩ-фотоцәыргақәҵак: «Ииасхьоу анырра», «Аԥсуаа рҟны асра – иџьашьатәу адунеи».

«Аҵх амузеи аҿы» – жәларбжьаратәи акультуратә акциа, раԥхьаӡа акәны Франциа 1999 шықәсазы имҩаԥган. Аԥсны ари акциа мҩаԥган 2015 шықәсазы Аҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.

Last modified on Dinsdag, 16 Лаҵара 2023 16:38

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.