Аҭоурых ашьҭақәа рыҵәахырҭа: 106 шықәса раԥхьа иаартын Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи

Аԥсуа милаҭ хаҿра еиқәырханы иаазго, уи аиҷаҳареи ахьчареи ирзааԥсо Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аартын 106 шықәса раԥхьа – лаҵара 17, 1917 шықәсазы. Иара аартра иаԥхьанеиуан «Аҟәатәи аокруг аԥсабареи ауааԥсыреи ҭызҵаауа аиҿкаара» ҩышықәсатәи аусура.

Амузеи иахьатәи аусура

106 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы еизган Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынхазы мацара акәымкәа, адунеи зегь аҿы аҵак ду змоу иҷыдоу, ижәытәӡатәиу аекспонатқәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп миллион шықәсқәа раԥхьа Адунеитә океан иҭазы аԥсыӡқәа рыԥсыбаҩқәа, 8-9 нызқь шықәса раԥхьа Ԥсҳәы аҳаԥқәа ирҭаз аҳаԥымшә иадҳәалоу археологиатә ԥшаахқәа, Иашҭхәатәи ажәытә уаҩы игыларҭеи мезолит аамҭа иаҵанакуа Адамра Хьшәашәеи ирыдҳәалоу Асовет Еидгыла зегь аҟны реиҳа ижәытәӡатәиу амаҭәахәқәа, ҳера ҟалаанӡатәи III азқьышықәса иаҵанакуа адольментә культура аметаллыхқәа, аџьазтә аамҭа иаҵанакуа аԥшаахқәа.

Амузеи зхыҽхәо аматериалқәа иара убас иреиуоуп Аҟәатәи абаӷәаза аҵан иԥшааз антикатәи аамҭа иатәу амармалташьтә стелеи абиусти, аҽыуаҩи алеи рсахьа змоу ихьшәо аџьазтә аамҭа иаҵанакуа аҽырԥшӡага, агрифон асахьа змоу ассириатәи аџьазтә ԥырак (ҳера ҟалаанӡа VI ашә.), абырзен кәылӡхылԥеи аԥыраки (ҳера ҟалаанӡа IV-V ашә.).

«Амилаҭ рхаҿра ӡырызго, ҳҭоурых зҳәо, изакәызаалак аԥсуа ихаҿра инагӡаны иаазырԥшуа, ҭыԥк аҟны еидызкыло - уи Аҳәынҭқарратә амузеи ахыбра ауп. Арахь имҩахыҵуеит адунеизегьтәи аҵарауаа рхаҭарнакцәа, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи асасцәа, аҵаҩцәа, астудентцәа, аррамаҵзуҩцәа», - иҳәоит амузеи адиректор, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Аркади Џьапуа. <p">Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи афондқәа рҿы иҵәахуп ареспубликатәии адунеизегьтәии ҵакы змоу аматериалтә баҟақәа: Кавказ ажәларқәа рҭоурыхтәии ркультуратәии беиарақәа, Ажәытә Египет, Византиа уҳәа аҳәынҭқаррақәа рартефактқәа, иааидкыланы 100 нызқь рҟынӡа експонат. Урҭ рахьтә 95% амузеи аҵәахырҭатә фонд аҿы ишьҭоуп.

Аркади Џьопуа ишиҳәаз ала, амузеи аҿы иахьатәи аамҭазы имҩаԥысуеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба изку аҟәша аартразы аусурақәа.

«Ҳәарада ари аҩаӡара ҳаракы аманы аҟаҵара ҳагәҭакуп. Аматериал рацәа ҳамоуп. Ари ҳара ҳзы иԥшьоу усуп. Ҳусзуҩцәа аҟәша аартра рнапалакуп», - иҳәеит адиректор.

Амузеи аҟны аусура нҵәара ақәӡам – ари зыԥсы ҭоу процесск иеиԥшуп, аекспонат ҿыцқәа рыла ихаҭәаауеит еснагь, аусзуҩцәа аусура ҭбаа мҩаԥыргоит ҳәа азгәеиҭоит Аркади Џьопуа.

Иахьазы амузеи итрадициатәхаз акциа «Аҵх амузеи аҟны» амҩаԥгара аҽазыҟанаҵоит. Иара Аԥсны имҩаԥыргоит 2015 шықәса раахыс лаҵарамза 18 рзы.

«Аекспозициа ҿыцқәа аздырхиоит археологиеи аетнографиеи рыҟәшақәа рҿы. Сгәы иаанагоит, ҳҭааҩцәа рзы аинтерес аҵалап ҳәа, ҳусзуҩцәа иаздырхиеит аинтерес зҵоу атемақәа. Шамахамзар ицәырҳамго аекспонатқәа цәыргахоит», - иҳәеит иара.

Есышықәса имҩаԥысло аԥшаарақәа дрылацәажәо, амузеи адиректор иҳәеит сынтәатәи аԥхынразгьы аекспедицитә ԥшаарақәа шымҩаԥгахо.

«Иазԥхьагәаҭоуп Мрагылараҭҵааратә институт аҵарауаҩ Александр Скаков далархәны Очамчыра ақалақь иахьаҵанакуа аекспедициа, иара убасгьы Маркәыла ақыҭаҿы. Есышықәса ажрақәа мҩаԥнагоит Аԥсуаҭҵааратә институт. Арҭ аекспедициақәа алҵшәа бзиақәа рымоуп еснагь», - иҳәеит Џьопуа.

Аекспедициақәа раантәи аԥшаахқәа зегьы амузеи афонд аҿы иҵәахуп. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы еизгоуп шамахамзар иуԥыхьамшәо аматериалқәа, амаҭәарқәа – аҭоурых, акультура, аетнографиа ртәы еиҭазҳәо.

Иахьа амузеи Амузеи аҭааҩцәа ирыдыргалоит Абжьаратә шәышықәса аҭоурых, ҳаамҭазтәи аҭоурых, алитература, аетнографиа рыҟәшақәа рекспозициақәа. Иаартуп аекспозициа ҿыцқәа, аусзуҩцәа дасу рыҟәшақәа рҿы есыҽны ихаҭәаау аҭҵааратә усқәа мҩаԥыргоит; афондқәа иааиԥмырҟьаӡакәа иҿыцу, аинтерес зҵоу аекспонат лыԥшаахқәа рыла рхарҭәааратә усурақәа цоит.

Амузеи аҭоурых ахьтә

XIX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рыбзиабаҩцәа раԥшьгарала, аполковник А.Н. Введенски инапхгарала, Аҟәа атәылаҿацәҭҵааратә музеи аԥҵареи уи ахарҭәаареи рзы аусурақәа реиҿкаара иалагеит. Аха аусқәа ишақәнагаз рҭыԥ рықәҵара иахьымӡакәа, Аурыс-аҭырқәа еибашьра (1877-1878 шш.) алагамҭазы хәы змамыз аԥсабаратәи, аҭоурыхтәи, археологиатәи, аетнографиатәи материалқәа наунагӡа Аԥсны иацәырӡын.

Амузеи аԥҵаразы азҵаара еиҭацәырган 1913 шықәса рзы гәыԥҩык агрономцәеи, абнахлаԥшыҩцәеи, арҵаҩцәеи раԥшьагарала, усҟан дара аус адырулеит Аԥсны аҭоурыхтә материалқәа реизгареи рыҭҵаареи ирызкыз Аилазаара аԥҵаразы апроект.

Убас, 1915 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысит «Аҟәеи Аҟәатәи аокруги рыԥсабареи руааԥсыреи рыҭҵаара абзиабаҩцәа Реилазаара» алахәыҩцәа рзеиԥш еизара. Уи анапхгараҿы иҟан А. Синицын (ахантәаҩы), Б. Киселиов, В. Козлов, В Семашко, Б. Захаров, Д. Градилевски, В. Крастелевски. Аизараҿы ирыдыркылеит атәылаҿацәҭҵааратә музеи шаԥҵоу ала ақәҵара. Убри инаркны иалагоит амузеи азы инеиԥынкыланы аматериал аизгара.

Ари аус иадгылаз аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа ибзиаӡаны еилыркаауан, закә ҵакыз иамаз усеиԥш иҟоу амузеи ашьақәыргылара. Урҭ рџьабаа иалҵшәаны, уи аартын иахьа иахьыҟоу ахыбраҿы ҩ-уадак ахьазалырхыз аҭыԥ аҿы лаҵарамза 17, 1917 шықәсазы.

«Усҟантәи ашықәсқәа раан аҵарауааи аинтеллигенциеи рхы ааидкылан ирыӡбеит Аԥсны ахаҿсахьа, аҭоурых аиқәырхара, аӡыргара шьаҭас иҟаҵаны амузеи ашьақәыргылара. Аҟәа ақалақь анапхгара амузеи аусура алыршаразы иазоурыжьит цхыраарак аҳасабала 500 мааҭ. Уи даараӡа акраҵанакуан аԥсуа милаҭтә культура аӡыргараҟны», - ҳәа иҳәоит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи иахьатәи аиҳабы Аркади Џьапуа.

1920 шықәса анҵәамҭазы, Аԥсны ақырҭуа меншевикцәа аҳра аныруаз, «Аҟәеи Аҟәатәи округи рыԥсабареи руааԥсыреи рыҭҵаара абзиабаҩцәа Реилазаара» зынӡа иаԥыхын, инашьҭарххны амузеигьы аркын, аекспонатқәа ықәганы Қырҭтәылаҟа иган.

Аԥсны Асовет мчра аиааира анага ашьҭахь атәылаҿацәҭҵааратә усура еиҭашьақәыргылан. 1922 шықәса, нанҳәамзазы Аҟәа иаԥҵан Аԥсуа ҭҵаарадырратә Еилазаара (АбНО). Уи аиҿкаара активла иалахәын: Н.А. Лакоба (Аԥсны жәлар ркомиссариат ахантәаҩы, Аԥсуаҭҵааратә еилазаара аҳаҭыртә хантәаҩы), Д.И. Гәлиа, А.И. Чыкәбар, Г.П. Барач, А.И. Григолиа, В.И. Кәыкәба, Н.С. Џьанашьиа, М.М. Ивашьенко, В.И. Стражев, С.П. Басариа, С.М. Ашәхәаҵаа, В. Козлов, В. Малеев, Р. Какәба.

Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара хантәаҩыс даман Г.П. Барач, уи амузеи раԥхьатәи аиҳабысгьы иҟаз иакәын. Иара ихаан иаԥҵан Аԥсны аҭоурыхи, аетнографиеи, аԥсабареи ирызкыз аекспозициа, иҭыжьын Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара аусумҭақәа 4-томкны.

1928 шықәса рзы амузеи даҽа ҩаӡарак ахь ихалеит, уи аҳәынҭқарратә статус аиуит.

1933 шықәсазы амузеи еиҳабыс дахаргылан атәылаҿацәҭҵааҩы И.Е. Аӡынба. Иара ихаан ареволиуциа-ҭоурыхтә ҟәша афондқәа иазкыз аусқәа ирыцҵан, иаартын аменшевикцәа, ареволиуциа, асовет мчра ашьақәгылара уҳәа ирызкыз аекспозициақәа.

1937-38 ашықәс еиқәаҵәақәа рхыԥша амузеигьы ианыԥшит – НКВД аусзуҩцәа амузеи афондқәа рҟынтәи иргеит хәы змаӡамыз адокументқәа рацәаны, Нестор Лакоба, Ефрем Ешба, Николаи Ақырҭаа уҳәа ирыдҳәаланы иҵәахыз аматериалқәа жәпакы. Урҭ хнырҳәышьа рымамкәа ибжьадырӡит.

1937 шықәсазы амузеи аиҳабыс дарҭеит Л.Н. Соловиов, уи ихаҭа 40 инарзынаԥшуа аиланхарҭа ҭыԥқәа (Иашҭхәа, Бырцха, Ешыра убас егь.) рҿы ирацәаӡаны археологиатә материалқәа еизигеит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага инаркны амузеи аҿы еизырго иалагеит аибашьратә тематика иазкыз аматериалқәа зегьы: адокументқәа, амаҭәа, абџьар, асаламшәҟәқәа уҳәа - Аԥсны афашизм иаҿагыланы ишықәԥоз шаҳаҭра азызуаз зегьы.

XX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раахыс есааира амҽхак ҭбаахо иалагеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи. Уи аусзуҩцәа Москватәи, Ленинградтәи, Киевтәи, Минсктәи, убас Асовет Еидгыла егьырҭ ақалақьқәа рҟынтәи рколлегацәеи дареи реиҿцаарақәа.

1977 шықәсазы раԥхьаӡа акәны Ленинград СССР жәларқәа ретнографиа амузеи аҿы Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа еиҿыркааит ацәыргақәҵа «Аԥсуаа» («Абхазы»), уа дара иӡырыргеит аԥсуаа рыбзазареи ркультуреи иазкыз аекспонатқәа 300 инарзынаԥшуа.

1978 шықәсазы СССР Акультура аминистрра аколлегиа иаднакылаз Ақәҵарала, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи ианашьан Актәи акатегориа.

Амузеи аусураҿы алагала ду ҟарҵеит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы уи иахагылақәаз: Е.К. Габелиа, А.Хә. Аргәын, И.Гә. Аргәын, А.М. Ҭариа. Убас аҟәшақәа реиҳабацәа: Л.Б. Лакрба, М.К. Хотелашвили-Инал-иԥа, Е.К. Аџьынџьал, Л.М. Прицкер, Г.Д. Аланиа, В.К. Кәыҵниа, Р.Ҳ. Гәажәба, С.И. Ҳашба.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан амузеи аусзуҩцәа фырхаҵарыла рыԥсадгьыл ахьчаразы игылеит. Урҭ иреиуоуп: М.М. Хәарцкиа, Д.А. Амқәаб, Р.С. Цәышба, А.С. Агәмаа, В.Ш. Аҳәба, Б.Ф. Берулаа, Л.Ш. Еныкь, Р.Ҳ. Ӷәынџьиа, С.М. Сақаниа.

Аибашьраан амузеи иаиуит аматериал ԥхасҭа ду, аӷацәа идәылганы иргеит архивтә материалқәа.

Убас, 1998 шықәса рзы, аекономикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ахыбра арҽеиратә усқәа рымҩаԥгара адгылара аиҭеит, афинанстә зҵаарақәа рыӡбара илшеит. Урҭ ирыбзоураны амузеи аусзуҩцәа рыҭҵаарадырратә усура иацырҵартә алшара роуит. Анаҩсан шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган 2010-2012 шықәсқәа рзы. 2012 шықәса абҵарамза 16 рзы акапиталтә рҽеирақәа рышьҭахь амузеи аҭааҩцәа рзы ашәқәа аанартит.

Last modified on Vrydag, 26 Лаҵара 2023 11:01

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.