Аҟәа иқәгылеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә ансамбль «Симд»

Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны рашәара 1 азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаԥысит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә ансамбль «Симд» аконцерт.

Аконцерт хацыркын акәашара «Симд» ала. Аахыҵ Уаԥстәыла акәашацәа ирыланы асценахь ицәырҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә акәашаратә ансабль «Кавказ» ахкынагӡаҩцәа.

Акәашаҩцәа инарыгӡеит «Хонга кафт», «Ирон кафт», адыга, ашьхаруа, аҭыԥҳацәа, ачеченцәа, аланцәа рыкәашарақәа. Зегь рзы узқәымгәыӷуа ҳамҭахеит аԥсуа кәашара «Симд» анагӡарала.

Иара убасгьы иқәгылеит ансамбль ахацәа рхор, аԥсышәала ашәа рҳәеит Вано Бекоеви Марҭа Харебовеи.

Ақәгыларақәа рышьҭахь аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысит. Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵахеит ашәаҳәаҩ Марҭа Харебова, Аҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа Альбина Хутаевеи Сослан Хасиеви, аоркестртә гәыԥ ансамбль анапгаҩы Ельбрус Ходов, акәашаҩцәа шьҭрала Аԥсны иеиуоу Инал Биченови Арифа Сангәлиаԥҳаи.

«Даараӡа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит атеатр аколлектив, арҭ аҩмшк ирылагӡаны аԥхарреи хашҭра зқәым ацәаныррақәеи ҳзааншәыжьит, ҳажәларқәа еиҳагьы еизааигәашәтәит», - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны акультура аминистр Даур Акаҩба.

Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистр Радмила Ӡагоева иланашьан Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Last modified on Vrydag, 02 Рашәара 2023 15:19

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.