Аԥсны амузыкатә ҟазара арҿиареи ашәаҳәаратә баҩхатәреи рзы Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭфилармониа ахкынагӡаҩ Кристина Ешԥҳа илыхҵоуп «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
Абри аҩыза ахьӡ даԥсахеит Гал араион акультура аҩни, ахәыҷтәы ансамбль «Самырзаҟани», иара убас ашәаҳәареи акәашареи рансамбль «Гали» рсахьаркыратә напхгаҩы Михаил Џьумутиа Аԥсны амилаҭтә ҟазареи еизҳауа абиԥара рҟазареи аизырҳареи рҿы илагалазы.
Ешыратәи амузеи аиҳабы Марина Тәанԥҳа илыхҵоуп «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы амузеи аус аҟны ллагалеи акыршықәса лҵшәа бзиала лусуреи рзы.
Уи адагьы, «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Аҳәынҭфилармониа абжьы арежиссиор Реваз Нарманиа акыршықәсатәи иусуреи амузыкатә ҟазара аларҵәареи арҿиареи рҟны илагалазы.