«Ашәыгақәа ирӡааҳалаз»: Мариа Ԥлиаԥҳа лцәыргақәҵа аатит Аԥсны

Мариа Ԥлиаԥҳа - аҿыханҵаҩ, Москва Асахаҭыхыҩцәа реидгылеи Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи рлахәыла.

Асахьаҭыхыҩ Мариа Ԥлиаԥҳа ҳаамҭазтәи аҟазара иаҵанакуа лцәыргақәҵа «Ашәыгақәа ирӡааҳалаз» («Упала в краску» - урысшә.) аатит Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы аԥшьаша, рашәара 22 рзы.

Ацәыргақәҵаҿы ахәаԥшцәа ирыдгалоуп шәыга рацәала иҩычоу 50 усумҭа.

Мариа еиҭалҳәеит ацәыргақәҵа ахьӡ машәыршәа ишыҟамлаз. Ҽнак усмҩаԥгатәык ахь данцоз, ԥшшәы рацәала еилаԥсаз шәҵатәык алылхит. Дызбаз шьоукы «ашәыга бӡааҳалама» ҳәа илазҵаазаап. Лара уи лхаҿы иаанхан, лцәыргақәҵагьы ус иахьӡылҵап ҳәа илыӡбеит.

Мариа лусумҭақәа аҵыхәтәаны ицәыргақәҵан 2015 шықәса рзы. Асахьаҭыхра анаҩс, лара аҵарааӡара лнапы алакуп, ахатәы школ «Алашара» деиҳабуп.

«Сара акыр аамҭа ашкол иазыскуеит, убри аан схазы, сҟазаразы аамҭа маҷны исзынхоит, сбаҩхатәра схәаҽуазшәа сгәы иабон. Аха ацәыргақәҵа арыцхә аназалырх, сҽазкны сҽазыҟасҵеит», - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.

Асахьаҭыхыҩ Мариа Ԥлиаԥҳа ҳаамҭазтәи аҟазара иаҵанакуа лцәыргақәҵа «Ашәыгақәа ирӡааҳалаз»

Асахьаҭыхыҩ Мариа Ԥлиаԥҳа ҳаамҭазтәи аҟазара иаҵанакуа лцәыргақәҵа «Ашәыгақәа ирӡааҳалаз»

Асахьаҭыхыҩ Мариа Ԥлиаԥҳа ҳаамҭазтәи аҟазара иаҵанакуа лцәыргақәҵа «Ашәыгақәа ирӡааҳалаз»

Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа еизаз иргәалалыршәеит Мариа Ԥлиаԥҳа раԥхьатәи лыпрофессионалтә цәыргақәҵа шымҩаԥысыз 2008 шықәса рзы.

«Иахьатәи ацәыргақәҵа усҟантәи иеиԥшым. Арҭ 15 шықәса ирылагӡаны Мариа лыԥсҭазаараҿы акыр аԥсахрақәа ҟалеит, еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа, апроектқәа лбеит. Сгәанала, иахьатәи лцәыргақәҵала лара даҽа ҿиарамҩак данылеит, избанзар ҷыдала сиужетк алымкаакәа, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ылхны, адинамика аҵаҵаны, ҿыцблала дазнеит. Исҳәар ауеит уи ала аҟазараҿы ахақәиҭра дазышәаҳәоит ҳәа», - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Ацәыргақәҵа аус ауеит рашәара 30 рҟынӡа.

 

Last modified on Dinsdag, 19 Цәыббра 2023 12:33

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.