Даур Ақаҩба Виссарион Ҵәыџьба иирамш идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ Виссарион Ҵәыџьба иирамш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Виссарион Акәын-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи.

60 шықәса инареиҳаны шәыԥсеиԥш бзиа ижәбо аҟазара иазышәкит. Шәусумҭақәа лымкаала азҿлымҳара рырҭоит аҿыханҵатә ҟазара абзиабаҩцәа, урҭ гәахәа дула шәцәыргақәҵақәа ирызԥшуп, избанзар шәырҿиамҭақәа ахәаԥшцәа ацәанырра ҟәандақәа рызцәырнагоит.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аидеиа ҿыцқәеи урҭ аԥсҭазаара раларҵәаразы алшарақәеи шәыгымзааит».

 

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Ԥхынгәы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31        

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru