Ишьақәдырӷәӷәеит аҳаҭыртә хьыӡқәа: «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ», «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ».
Иара убас, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьӡқәеи рзы азакәан ариашарақәа аларгалеит:
Аҳаҭыртә хьӡқәа «Жәлар рартист», «Жәлар рышәҟәыҩҩы», «Жәлар рпоет», «Жәлар рсахьаҭыхыҩ» рыхҵара ҟалоит «Зҽаԥсазтәыз артист», «Аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ», «Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ», «Зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ» ҳәа ахьӡ анрырҭа ашьҭахь жәашықәса еиҵамкәа аамҭа анцалак.
«Зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ» ҳәа ахьӡ аиуразы аџьашықәс 15 шықәса еиҵамзароуп.