Афестиваль аиҿкааҩцәас иҟоуп, 2014 шықәса инаркы акоронавирус апандемиа алагаанӡа Аԥсны ӷәӷәала ичмазҩу ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы агәыҳалалратә аклассикатә музыкатә концертқәа мҩаԥызгоз «Асоциал-культуратә ԥшьгара агәыҳалалратә фонд».
«Ари аформат ала, раԥхьаӡа акәны имҩаԥаагоит. Иазгәасҭар сҭахуп, афестиваль амшқәа зегь рзы еизгахо аԥара ахәҭак шдәықәҵахо афонд «Ашана» ашҟа, иаанхаз ахәҭа агәыҳалалра иазкхоит, иарбан ԥыҭрак ашьҭахь ишәаҳҳәоит», – иҳәеит «Асоциал-культуратә ԥшьгара агәыҳалалратә фонд» анагӡаратә директор Азамаҭ Багаҭелиа.
Афестиваль раԥхьатәи аконцерт иаҭааит аԥшәмацәа рнаҩс асасцәагьы рацәаҩны.
Ҩ-сааҭк ицоз апрограммаҿы артистцәа инарыгӡеит еицырдыруа акомпозиторцәа дуқәа Иоганн Себастиан Бах, Антонио Вивальди, Лиудвиг Ван Бетховен, Ференц Лист, Франц Шуберт, Мануель де Фалиа, Никколо Паганини раԥҵамҭақәа.
Пицундатәи жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала. Афестиваль асахьаркыратә напхгаҩыс дамоуп Барас Кәыҿба. Аинформациатә цхыраара ҟанаҵоит Sputnik Аԥсны.