Афестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…» мҩаԥгахоит нанҳәамзазы Аҟәеи Пицундеи

Афестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…» мҩаԥысуеит акультуратә аԥшьгамҭақәа рзы Ахада ифонд ацхыраарала.

XXI Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…» мҩаԥгахоит Аҟәеи Пицундеи нанҳәа 26-28 рзы.

Аԥсны акультуратә хҭыс хадақәа иреиуоу афестиваль аадыртуеит Џьакомо Пуччини иопера «Тоска» ала. Ахацәа рпартиа хадақәа нарыгӡоит аоператә шәаҳәаҩцәа Арсен Согомониани Владислав Сулимскии. Флориа лроль - Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

Афестиваль иалахәуп Хьыбла Герзмааԥҳа еиҿылкааз Актәи жәларбжьаратәи аицлабра алауреатцәа – Алексеи Кулагин, Виачеслав Василев, Глеб Периазев, Дамир Садуахасов, Мариа Лупарева, Ливеи Хоу.

Ауснагӡатә мҩаԥнагоит Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр, адирижиор – Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, Атеатр ду адирижиор Антон Гришанин.

Пицунда амузыкантцәа инарыгӡараны иҟоуп еицырдыруа урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии композиторцәа рариақәеи рдуетқәеи.

Афестиваль иацҵахоит артистцәеи амузыкатә ҵараиурҭақәа рҵаҩцәеи реиԥыларала. Цәыббра 1 азы афестиваль алахәылацәеи Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа аҵаҩцәеи еиԥылоит.

Аконцертқәа мҩаԥгахоит Урыстәыла ақалақьқәа 18 рҟны, иара убас Беларуссиа, Ҟазахстан.

Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…» аԥылҵеит еицырдыруа аԥсуа оператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа 2001 шықәсазы.

 

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.

ВНИМАНИЕ !

На вашем аккаунте имеется задолженность ! 

Обслуживание и функционирование сайта www.minkult.apsny.land будет приостановлено 31 мая 2024г.

За дополнительной информацией обращайтесь к администратору сайта.