Динара Смыр атеатр аусзуҩцәа рымш рыдылныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр атеатр аусзуҩцәа рымш рыдылныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Атеатр Жәларбжьаратәи Амш! Ари амш еиднакылоит атеатр хацәнымырха амаҵ азызуа зегьы, зҟазара ҳаракы ахәаԥшҩы зеиԥшыҟам агәырӷьара, агәеизҳара, аемоциа ҵаулақәа рзаазго.

Аԥсуа театртә школ ианакәызаалак ахатәы традициақәа амоуп. Аԥсуа сцена дырлашон зегьы еицырдыруаз, бзиа ирбоз актиорцәа дуқәа. Аԥсуа театртә ҟазара атрадициақәа нагӡо, иахьагьы актиорцәа, арежиссиорцәа ҿарацәа ҳдыргәырӷьоит аспектакль ҿыцқәа рыла, апремиера ҿыцқәа рцәырҵра ныҳәоуп ҳара ҳзы. Урҭ ирыбзоураны атеатртә ҟазара аҩаӡара ҳаракуп иахьа уажәраанӡагьы.

Иахьатәи амшныҳәа аҽны гәыкала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп актиорцәа, арежиссиорцәа, адраматургцәа, асахьаҭыхыҩцәа, акомпозиторцәа – ажәакала, атеатртә қәгыларақәеи аспектакльқәеи раԥҵара знапы алаку зегьы. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара. Шәҟазара наунагӡа иҿымцәааит, ишәыгымзааит ахәаԥшцәа рыбзиабара!»

Last modified on Donderdag, 27 Хәажәкыр 2025 11:12

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30        

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2025 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.