Аколлектив раԥхьаӡа акәны Аԥсны анҭыҵ иқәгылеит. Дара аҟьаԥҟьаԥ кны аӡӷабцәа рыкәашара, анхацәа рыкәашара, аԥсуа чара кәашара ахәаԥшцәа ирыдыргалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы Алхас Џьынџьал.
"Ахәаԥшцәа гәык-ԥсык ала ҳрыдыркылеит. Ҳара алҵшәа дуқәа ҳарзыԥшымызт, аха агәыӷрақәа ҳаман. Ҳансамбль быжьшықәса ахыҵуеит, Аҷандареи Гәдоуҭеи рҟынтәи 28-ҩык ахәыҷқәа рыла ишьақәгылоуп", - иҳәеит иара.
Џьынџьал иажәақәа рыла, ансамбль ҩынтә актәи аҩаӡара алауреати аҩбатәи аҩаӡара алауреати ҳәа ахьӡ иаҧсахахьеит.