Агәмааҧҳа Софа (Софиа) Хынтрыгә-иҧҳа

Агәмааԥҳа Софа (Софиа) Хынтрыгә-иԥҳа – атеатри акинои драктрисоуп, Аԥсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ ланашьоуп

Диит 20, 1939 ш. Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. 1956 ш. Шь. Русҭавели Қарҭтәи атеатртә институт дҭалоит СССР Жәлар рартист, апрофессор Акаки Хоравеи апрофессор Акаки Пагавеи рыкласс аҟны. Аинститут даналга 1960 ш. дрыдыркылеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драмататә театр ахь. Убри ашықәсан 1960 ш. дҭалеит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа «Ахортә дирижиорра» афакультет, уи даналга аус луан «хымԥадатәи адирижиорра» амаҭәар арҵаҩыс. 1985 ш. инаркны 2000 ш.-нӡа – актиортә ҟазара длырҵоит авокалтә факультет Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҟны.

Атеатр аҟны иаԥылҵеит 70 хаҿсахьа инареиҳаны. С. Агәмааԥҳа лусумҭақәа акы зҿлымҳара арымҭакәа иаанымхаӡеит. Уи лҟыбаҩ ганрацәалатәи, иналыгӡаз арольқәагьы рымҽхак акыр иҭбаауп: иҳаракыу атрагедиа инаркны агротесктә комедиа аҟынӡа.

Актиортә усумҭақәа рыдагьы С. Агәмааԥҳа ахәаԥшыҩцәа илҿоу лсахьаркыратә бызшәа, лажәа ала дырдыруеит. Аԥхьаҩ иаҳасабала дебиутҵас дықәгылеит 1961 ш. И. Ҭарбеи Ф. Искандери иеиқәдыршәаз, аԥсуа литература аклассикцәа раԥҵамҭақәа злахәыз алитературатә композициа «Аԥсны» аҟны.

ХХ ашә. 80-тәи ашықәсқәа актриса лырҿиаратә биографиа азгәаҭоуп иҿыцу етапк аҳасабала. Атеатр аанылмыжьуа анаму, асцена ада даҽакы лхахьы илзаамго дызлаҟаз ала, Софа Агумааԥҳа аусура далагоит актиорк итеатр аҟны. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа лырҿиаратә гәҭакқәа рынагӡаразы амҩа ҿыцқәа рыԥшаара дазнархәыцуеит. Абри инаркны аԥсшәахь аиҭагарагьы, аинсценировка азырхиарагьы далагоит Ф. Искандер иҩымҭақәа: «Харлампои Деспинеи», «арбаӷь», «Сқыҭауаҩы иажәабжь», «иҟан лагажәыки ҭакәажәыки», «Ажьақәеи амаҭқәеи. Абри аамҭазы иазырхиан аконцерттә программақәеи амоноспектакльқәеи. Урҭ лыманы Аԥсны араионқәа рыҟны дықәгылоит. 1989 ш. С. Агәмааԥҳа ахәаԥшҩы илырбоит амоноспектакль «Харлампои Деспинеи». 1990 ш. абри аспектакль лыманы дықәгылеит Москва аԥсуа диаспора иҟанаҵаз ааԥхьарала.

1992-93 шш. Аԥсны жәлар Рџьынтәылатә еибашьра ду аан Софа Агәмааԥҳаи Амиран Ҭаниеи ықәгылоит аибашьцәа рҿаԥхьа автортә программа «Аччареи аҵәыуареи» ала.

1995 ш. С. Агәмааԥҳа напхгара азылуеит Акультуратә центр «Абаза» аҟны лара лаԥшьгарала иаартыз атеатр «Аамҭа». Ари атеатр аҟны аҟыбаҩ бзиа змоу арежиссиор иаҳасабала иқәлыргылон аспектакльқәа, еиуеиԥшым аконцерттә программақәа.

Софа Агәмааԥҳа лидеиақәа анагӡара роуит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыреи лареи русеицура иабзоураны: арежиссиор-ақәыргылаҩ, асценарист, актриса лаҳасабала лара лалахәрала иҭыхын зметраж кьаҿу ателефильмқәа – «Лареи, иареи, урҭ рҩызеи» (ААТРЕ, ареж. С. Агәмааԥҳа, А. Гамгиа), 1989 ш.), «Бзиа избо Б.», «Шьҭа дабазгари иара?», «Усгьы ҟалалоит», «Татчкеи Қьышьуарди».

1998 ш. Софа Агәмааԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афиологиатә факультет аҟны актиортә ҟазара анапхгаҩыси арҵаҩыси дыҟоуп. «Актиортә ҟазара» аҟәша аартын С. Агәмааԥҳаи А. Аргәыни раԥшьгарала. Лара авторс дамоуп арҵагатә цхыраагӡа «Асахьаркыратә ԥхьара» аԥсышәала. 2009 ш. акьыԥхь абеит аизга «Ҳара ҳазцынхо ахаҿқәа», уи иалалеит С. Агәмааԥҳа леиҭагақәа, асценариқәа, аинсценировкақәа, аскетчқәа, аиумор.

1978 ш. С. Агәмааԥҳа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далхуп. 

1980 ш. Қырҭтә. ССР жәлар рартист ҳәа ахьӡ лыхҵоуп, 1985 ш. – Аԥсн. АССР жәлар рартист ҳәа ахьӡ.

Иланашьоуп «Аџьа аветеран» ҳәа ахьӡ.

2007 ш. С. Агәмааԥҳа ддоцентуп. 

Август 2014 ш. азы Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩыс дҟаҵоуп.

Актиортә усумҭақәа:

Калиа – «Атәы» А. Цагарели (ареж. А. Хорава)
Тизбе – «Анжело» В. Гиуго (ареж. А. Хорава, 1959)
Мажьулиа – «Ҳауа идагәада?» Ш.Чкадуа (ареж. А. Агрба, 1960)
Суриа – «Ан лзы ашәа» А. Шервашиӡе (ареж. А. Агрба)
Лида Петрусова, Лида Матисова – «Убас иҟоуп абзиабара» П. Когоут (ареж. Н. Ешба, 1961)
Лола – «Ҳазҭагылоу аамҭазтәи атрагедия» Ебролиӡе (ареж. Н. Ешба, 1962)
Амаҵуҩԥҳәыс – «Акрал ҟьантаз» Е. Шварц (ареж. Н. Ешба, 1962)
Асида – «Ашәа аԥҵара мариам» Н. Ҭарба (ареж. Н. Ешба)
Емилиа – «Отелло» У. Шеқспир (ареж. А. Агрба, 1964)
Аԥшәмаԥҳәыс – «Клод иԥшәмаԥҳәыс» А. Диума (ареж. Н. Ешба)
Наташа – «Аламыс» Д. Павлов (ареж. М. Мархолиа)
Наталиа – «Аԥҳәысҳәара» А. Чехов (ареж. Н. Ешба)
Аҭаца – «Ишьаарҵәыраоу ачара» Г. Лорка (ареж. Хә. Џьапуа)
Зарада – «Амаҳәцәа» М. Шавлохова (ареж.Шә. Ԥачалиа,1965) 
Фасине – «Ақыҭа ҭыԥҳа» К. Буачиӡе (ареж. Шә. Пачалиа, 1966)
Емма-Ауадкаршҩы – «Пунтила ихацки уи имаҵуҩы Маттии» Б. Брехт (ареж. М. Мархолиа, 1967) 
Маруша – «Амра агыламҭазы» Г. Габуниа (ареж. А. Агрба, аиҭашьақәыргыларазы ареж. Хә. Џьапуа, 1967) 
Нази – «Адуель» М. Баиџьиев (ареж. М. Мархолиа, 1968) 
Исмена – «Антигона» Ж. Ануи (ареж. Д. Кәартаа)
Асиаҭ – «Ашьхаҭыԥҳа» Р. Гамзатов (ареж. Д. Кәартаа, 1968) — иреиӷьу аԥҳәыс лроль азы апремиа, 1973 ш.?
Купава – «Асҭыԥҳа» А. Островски (ареж. Н. Ешба,1969)
Фру Альвинг – «Алаԥшҵашәарақәа» Г. Ибсен (ареж. М. Мархолиа, 1969) — иреиӷьу актиортә ансамбль азы апремиа 
Апринцесса Еболи – «Дон Карлос» Ф. Шиллер (ареж. Н. Ешба, 1971)
Селма – «Анаурқәа» Д. Гәлиа (ареж. Н. Ешба, аиҭашьақәыргыларазы ареж. Д. Кәартаа, 1974)
Ан – «Абираҟ шкәакәақәа» Н. Думбаӡе (ареж. Д. Кәартаа, 1974)
Марика – «Арбаӷь ҿнаҭаанӡа» И. Буковчан (ареж. М. Мархолиа, 1974)
Гелена – «Варшавтәи амелодиа» Л. Зорин (ареж. Д. Кобахиӡе, 1975) 
Бланш – «Агәаҳәара» атрамваи» Т. Уилиамс (ареж. Д. Кәартаа, 1975) 
Ланица – «Ахәрашәа» А. Аргәын (ареж. М. Мархолиа) 
Тара Таразиа – «Нас, ишышәҭаху» Б. Шьынқәба (ареж. Д. Кәартаа) 
Акомиссар – «Аоптимисттә трагедиа» В. Вишневски (ареж. Д. Кәартаа, 1979) 
Електра – «Електра» Софокл (ареж. М. Мархолиа, 1979) 
Иван иԥҳәыс – «Акадифа кьаҿ» С. Стратиев (ареж. Д. Стоианов) 
Лаура – «Брисбентәи аемигрант» Ж. Шехаде (ареж. В. Ақаҩба,1980) 
Кафа – «Акьанџьа» Шь.Ҷкадуа (ареж. Д. Кортаа, 1981) 
Смелианскаиа – «Аиҭаира» Н. Мирошниченко (ареж. В. Терентиев)
Марихан – «Ашьхақәа амшын ианӡааԥшыло» А. Аргәын (ареж. Д. Кәартаа)
Мимоза – «Апортфель шкәакәа» Шь. Аџьынџьал (ареж. М. Мархолиа, 1984) 
Регана – «Акрал Лир» У. Шеқспир (ареж. Д. Кәартаа) 
Ӡабули - «Амза амҵарсра» К. Гамсахурдиа (ареж. Л. Мирцхәлаа) — иреиӷьу аԥҳәыс лроль азы 
Анна Фирлинг – «Ан Куражи уи лыхшареи» Б. Брехт (ареж. М. Мархолиа, 1984) 
Ан – «Ацынҵәарах» Б. Шьынқәба (ареж. В. Терентиев, 1986)

 

Афильмографиа:

«Аԥшаахымҭа бзиақәа раамҭа» – Мосфильм, ареж. Г. Габаи, 1969 ш.
«Хҭарԥа шкәакәа» – А. Довженко ихьӡ зху акиностудиа, ареж. Вл. Савелиев, 1975 ш. 
«Амшын еиқәа ахықәан» - Мосфильм, ареж. А. Кузнецов, О. Никич, 1975 ш. 
«Амзаҿа ангыло» – Мосфильм, ареж. Иу. Даниалов, 1977 ш. 
«Акадифа аамҭа» – Мосфильми ПроДисфильми (Швеицариа), ареж. В. Павлович, 1978 ш. 
«Огариова, 6» – Мосфильм, ареж. Б. Григориев, 1980 ш. 
«Иԥшьоу ажьиирҭа асаркьал» – Мосфильм, ареж. М. Ковалиов, 1982 ш. 
«Азакәан змоу аӷьычцәа» – Горки ихьӡ зху акиностудиа, ареж. Иу. Кара, 1989 ш. 
«Лареи, иареи, урҭ рҩызеи» – ААТРЕ, ареж. С. Агәмааԥҳа, А. Гамгиа, 1989 ш. 
«Бзиа избо Б.» – ААТРЕ, ареж. С. Агәмааԥҳа, А. Гамгиа, 1989 ш. 
«Шьҭа дабазгари иара?» – ААТРЕ, реж. С. Агәмаа, А. Гамгиа, 1989 ш. 
«Анапыхьараџь» – Аԥсуафильм, ареж. В. Аблоҭиа, 1992 ш. 
«Ашаҳаҭҩы» – Аԥсуафильм, ареж. М. Мархолиа, 1992 ш. 
«Аибашьра нымҵәаӡац» – Аԥсуафильм, ареж. М. Мархолиа, 1994 ш. 
«Усгьы ҟалалоит» – 2- хәҭак амоуп, ААТРЕ, ареж. С. Агәмааԥҳа, А. Гамгиа, 1997 ш. 
«Татчкеи Қьышьуарди» – 2-хәҭак амоуп, ААТРЕ, ареж. С. Агәмааԥҳа, А. Гамгиа, 1998 ш. 
«Бымхысын, Мадина!» – ААТРЕ, ареж. М. Мархолиа, 1999 ш. 
«Анцәа ҳрыцҳашьа!» – Аԥсуафильм, ареж.М. Мархолиа, 2003 ш. 

Атеатртә қәыргыламҭақәа ррежиссиор: 

«Харлампои Деспинеи» Ф. Искандер (аиҭ. С. Агәмааԥҳа) 
«Дон Перлимплин ибзиабара» Ф. Г. Лорка (аиҭ. С. Агәмааԥҳаи, Хә. Џьапуеи) 
«Амшә» А. Чехов (аиҭ. С. Агәмааԥҳа) 
«Ауаҩи Аџьентльмени» Э. Де Филиппо 
«Саламантәи аҳаԥы» М. Де Сервантес (ацреж. Хә. Џьапуа) 
«Ажьақәеи амаҭқәеи» Ф. Искандер (ацреж. Х. Џьапуа; аиҭ. С. Агәмааԥҳа) 
«Ишыбзоу иԥсыз» Шь. Аџынџьал 
«Лакәакәа лҟызқәа» Шь. Ҷкадуа

 

Иеиуеиԥшым аконцерттә программақәа

 

Акинои ателесценариақәеи, аинсценировкақәеи дравторуп: 

«Харлампои Деспинеи» Ф. Искандер 
«Ахра шкәакәа» Ҷ. Џьонуа иҩымҭала
«Лареи, иареи, урҭ рҩызеи» Шь. Ҷкадуа иҩымҭала
«Бзиа избо Б.» Шь. Аџьынџьал иҩымҭала
«Дабазгои иара шьҭа?» А. Аргәын иҩымҭала
«Усгьы ҟалалоит» М. Лакрба иновеллақәа рыла
«Татчкеи Қьышьуарди» 
«Аччареи аҵәыуареи рыхәылԥаз» (аконцерттә программақәа рсериа)

 

Last modified on Woensdag, 16 Цәыббра 2020 12:21

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.